Аԥсныҟа аара зҭаху амототуристцәа рацәаҩуп, аха аҳәаа ахысраҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иазгәеиҭеит Аԥсны Амотоспорт афедерациа ахада Асҭамыр Зарандиа.
Иара иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы 10-15-ҩык рҟынӡа еицны гәыԥ-гәыԥла иаауеит, аха имҷуп. Иҳәеит дара аҳәаа рахысраҿы ацхыраара рыҭаразы атәыла ахада ихьӡала ашәҟәы рыҩырц ргәы ишҭоу. Зарандиа дазааҭгылеит Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоу амотоциклқәа ҩ-миллионк ишреиҳау, урҭ рахьынтәи 20-25% Аԥсныҟа иҭалартә алшара рзыҟаҵар акыр шаҵанакуа.