Аԥсны

Манаргиа дазааҭгылеит аԥсуа КВН аҿиара атәы

Sputnik
Иахьа аԥсуа КВН аиҭаира амҩа иануп ҳәа азыуҳәартә иҟоуп, ицәырҵуеит акоманда ҿыцқәа, алафҳәаҩцәа ҿыцқәа. Ахәаԥшҩы уи дазыԥшуижьҭеи акрааҵуеит ҳәа арадио Sputnik аефираҿ иҳәеит Аԥснытәи КВН алига амҩақәҵаҩ Алхас Манаргиа.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсуа КВН алига ахықәкы хада, ҳҿар згьама бзиоу алаф аҳәашьа дырҵара шпкәу.