Иахьатәи аамҭазы Цандрыԥшь иҟоу ареабилитациатә центр "Ҳара ҳаицуп" 100-ҩык инарзынаԥшуа згәабзиартә лшрақәа ԥку ахәыҷқәа аҭаауеит, урҭ ихымԥадатәиу ацхыраара роуеит. Арҭ ахәыҷқәа рзы аҭакԥхықәра здыло аҭаацәа мацара ракәу аҳәынҭқарра аганахьалагьы ацхыраара азԥхьагәаҭоу, абарҭқәа ртәы арадио астудиаҿ иазааҭгылеит ацентр аспециалист Есма Рекәааԥҳаи, уи иаҭаауа ахәыҷқәа рҭаацәа рхаҭарнак Асҭанда Цыкәтаниаԥҳаи.
Шәахәаԥш астудиа аҟнытә авидеонҵамҭа.