Аԥсны имҩаԥысыз аҳәса анаплакҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026" еиднакылеит аҟазара аусхк ахаҭарнакцәа, аҳақьымцәа, аҵарауаа уҳәа хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым асоциалтә рольқәа назыгӡо аҳәса. Аԥснытәи аҳәса рыдагьы афорум иалахәын Урыстәыла, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Беларусь, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәылантәи асасцәа. Ари аусмҩаԥгатә иалахәыз Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы аихшьаалақәа ҟалҵеит.