Ҳаамҭазы ҳреспубликаҿы азанааҭ алхра аҷыдарақәа, уи аҿар рымҩақәҵараҿы иахьынӡахәарҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит ари аус знапы алаку, акоуч Амра Амҷԥҳа.
Иахьатәи ҳҿар реиҳарак рзанааҭ алхраҿы афинанстә ҭышәынтәалара рызҭо ахырхарҭа алырхуеит, уи цәгьаӡам, ҳзанааҭ ҳныҟәнагоума ҳәа иахьхәыцуа, аха уи инамаданы дара ирышьашәалоу, ирнаалоу азанааҭ акәымкәа "имодоу" азанааҭ иашьҭалоит ҳәа азгәалҭеит лара.
Амҷԥҳа иазгәалҭеит, азанааҭ алзхуа ихы-игәы иақәшәо, изааигәоу ахырхарҭа алхра шыхадоу атәы. Шәахәаԥш арадистудиа аҟнытә аиҿцәажәара.