Аҳәынҭқарратә филармониа
Лаҵарамза 3 инаркны 5 -нӡа — ахәыҷтәы-қәыԥштә акәашаратә коллективқәа рыбжьара иаарту ареспубликатә еицлабра "Аӡыхь" аконцерт.
Лаҵарамза 8 асааҭ 19:00 рзы — Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аҳәса рфырхаҵара иазку аконцерт "1941-1945 Аԥхәызба армаҭәа зшәу".
Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал
Лаҵарамза 9 асааҭ 17: 00 рзы — Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа ауарӷантә концерт.
Афонҿыцтәи аџьармыкьа-фестиваль
Лаҵарамза 8 инаркны 10-нӡа асааҭ 12:00 инаркны — есышықәсатәи жәлар рнапҟазацәа рџьармыкьа-фестиваль, иара убас аӡхыҽҽа азааигәара имҩаԥгахоит Афонҿыцтәи аҳаԥы аартҩы Гиви Смыр имшира аҳаҭыраз аконцерт.
Аԥсуа драматә театр
Лаҵарамза 6 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Абжьынҵ хышәҭ".
Лаҵарамза 8 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Акрал Лир".
Лаҵарамза 9 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Аешелон".
Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр
Лаҵарамза 7 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Ашьажәҩы иҭаацәа".
РУСДРАМ
Лаҵарамза 4 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Ацынҵәарах".
Лаҵарамза 5 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Ахьча Махаз".
Лаҵарамза 6 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Акокаини сареи ҳроман".
Лаҵарамза 7 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Аҳәынаԥкыга".
Лаҵарамза 8 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Акәукәу аҭра ахыԥраара".
Лаҵарамза 9 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Аҷныш".
Лаҵарамза 10 асааҭ 19:00 рзы — аспектакль "Едит Пиаф".
Ацәыргақәҵа
Лаҵарамза 5 инаркны лаҵара 7-нӡа асааҭ 10:00 инаркны 17:30 рҟынӡа – АЗХ аҿы асахьаҭыхҩы, ауаажәларратә усзуҩы Нугзар Логәуа иусумҭақәа аиубилеитә цәыргақәҵа.