Аԥсны

Ҳалуашьи Саӡбеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рцифраркра атәы иалацәажәеит

Sputnik
Аҳәынҭусбарҭа асистема аԥсахра амчра аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа ируакуп ҳәа атәыла ахада Бадра Гәынба изныкымкәа иқәгыларақәа рҿы дазааҭгылахьеит. Зыӡбахә ҳәоу зегь раԥхьаӡа иргыланы административтә процессқәа ацифраркреи иааизакны аҳәынҭқарратә аппарат ацифратә ҿиареи хымԥадатәиуп. Ас еиԥш азнеишьа иалнаршоит аџьатә лшарақәа реиӷьтәра уҳәа. Абри атәы иазааҭгылеит арадио Sputnik асасцәа Жәлар Реизара адепутатцәа Беслан Ҳалуашьи Инар Саӡбеи.
Шәахәаԥш инеиҵыху аиҿцәажәара.