Ацқьара амш Очамчыра араион аҿы: араион ахада ихаҭыԥуаҩ иҿцәажәара

Sputnik
Ареспубликазегьтәи ацқьара амшны ирылаҳәан иахьа. Уи зы аусԥҟа инапы аҵаиҩит аԥыза министр Владимир Делба. Аиашаз аҳауатә ҭагылазаашьа маҷк иманшәалам џьар – џьара иқәарԥссатон ашьыжь, ма ирацәамкәан ақәа леиуан. Аха уеизгьы ари акциа мҽхакыҭбаала аиҿкааратә усурақәа ирыцҵахоит ахәаша лаҵарамза 8 рзы. Очамчыра араион аҿы иарбан усурақәоу имҩаԥыргаран иҟоу, ҭыԥқәас иарбои арыцқьаразы, еиҳа напы зыдкылатәуи, еилыргатәузеи, насгьы иабанӡахаҵгылои ари акциа ауааԥсыра, араион анапхгара цхыраарас иҟанҵозеи, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәоит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Шәазыӡырҩы аудио.