Аԥсны

Џьапуа дазааҭгылеит аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон аусура атәы

Sputnik
Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон ицәырнаго ауаатәыҩсатә лшарақәеи, макьаназы арзаҳалқәа шаҟаҩы иаларҵахьоуи уҳәа азҵараарақәа дырзааҭгылеит арадио Sputnik асас "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон ахылаԥшратә хеилак алахәыла, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.
Иара иазгәеиҭеит ари аицлабраҟны иҷыдоу акы акәны ишаликаауа ирласны ауаҩы иазыҟаҵара, мамзаргьы иадымхалацәакәан ауаҩы имоу адыррақәа реилкаара, урҭ ахархәашьа дшақәшәо атәы. Иҳәеит абри аганахь ала "Аԥсны акоманда" аԥеиԥш шамоу.
Шәахәаԥш инарҭбаау аиҿцәажәара.