Абҳәаса, нас асыӡбал

Анапаҵаҩра
Амыҵмыџь, акаҵахәыр, абҳәаса иалхәу уҳәа ирацәоуп аԥсуаа реишәахиараҿы рхы иадырхо асыӡбалқәа. Акадифа ҟаԥшь еиԥш убла хнакуа иҟоу асыӡбал цаҳәцаҳәо уажәааны зегьы ихырҩоит.

Бармышь ақыҭан инхо Сулико Кәарҷелиа-Нанба абҳәаса ҟаԥшь ала илчаԥоит асыӡбал. Иара еиҳарак аҵәыҵәыра ҳәа иашьҭоуп. Лара лажәақәа рыла, асыӡбал ахҩаразы уажәааны иреиӷьу аамҭоуп, абҳәаса ашәымҭа иҭагылоуп, аӡларагьы аҵәыҵәырагьы иахәҭоу аиухьеит.

"Асыӡбал ианаамҭоу ҳәа иԥхьаӡоуп, ибзианы иҟаланы ианыҟоу. Ианааҟалаҵәҟалак ихыуҩаргьы ҟалоит, ишыкәымпылу, ашәыр ӡқәа шхырҩо еиԥш аӡыршы наҵаҭәаны, аха сара сазԥшуеит аԥҳәаса, ахаара анаиулак иҟасҵарц азы", —  лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба.

Аԥшәмаԥҳәыс илчаԥо асыӡбал аԥсуа мца иахаргыланы ауп ишыҟалҵо, агьама еиҳа ихаахоит ҳәа иԥхьаӡаyа.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

© Sputnik / Томас ТхайцукБармышь ақыҭан еиҳарак анхаҩцәа ирымоу аԥҳәаса ҟаԥшь аҵлақәа роуп
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
1/13
Бармышь ақыҭан еиҳарак анхаҩцәа ирымоу аԥҳәаса ҟаԥшь аҵлақәа роуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАсыӡбал ахҩаразы уажәааны иреиӷьу аамҭоуп, аԥҳәаса ашәымҭа иҭагылоуп, аӡларагьы аҵәыҵәырагьы иахәҭоу аиухьеит
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
2/13
Асыӡбал ахҩаразы уажәааны иреиӷьу аамҭоуп, аԥҳәаса ашәымҭа иҭагылоуп, аӡларагьы аҵәыҵәырагьы иахәҭоу аиухьеит
© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥҳәаса анааҟалаҵәҟалак ихыуҩаргьы ҟалоит, ишыкәымпылу, ашәыр ӡқәа шхырҩо еиԥш аӡыршы наҵаҭәаны, аха сара сазԥшуеит аԥҳәаса, ахаара анаиулак иҟасҵарц", - лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
3/13
"Аԥҳәаса анааҟалаҵәҟалак ихыуҩаргьы ҟалоит, ишыкәымпылу, ашәыр ӡқәа шхырҩо еиԥш аӡыршы наҵаҭәаны, аха сара сазԥшуеит аԥҳәаса, ахаара анаиулак иҟасҵарц", - лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥҳәаса ажәра иаздырхиот, уи аԥхьа еилыҟәшәаны ирыӡәӡәоит
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
4/13
Аԥҳәаса ажәра иаздырхиот, уи аԥхьа еилыҟәшәаны ирыӡәӡәоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАсыӡбал ихааӡа, ижәпаӡа иҟаларц азы ибзианы аӡы аҵыршатәуп, ирштәуп.
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
5/13
Асыӡбал ихааӡа, ижәпаӡа иҟаларц азы ибзианы аӡы аҵыршатәуп, ирштәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥшәмаԥҳәыс илчаԥо асыӡбал аԥсуа мца иахаргыланы ауп ишыҟалҵо, агьама еиҳа ихаахоит ҳәа иԥхьаӡаны.
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
6/13
Аԥшәмаԥҳәыс илчаԥо асыӡбал аԥсуа мца иахаргыланы ауп ишыҟалҵо, агьама еиҳа ихаахоит ҳәа иԥхьаӡаны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАсыӡбал злырхуа аԥҳәаса 20 минуҭ рҟынӡа иржәуеит
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
7/13
Асыӡбал злырхуа аԥҳәаса 20 минуҭ рҟынӡа иржәуеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥҳәаса аныржәлак ашьҭахь, аӡы аҵыршаны, идраӡоит, анаҩсан ижәпахаанӡа идыршуеит.
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
8/13
Аԥҳәаса аныржәлак ашьҭахь, аӡы аҵыршаны, идраӡоит, анаҩсан ижәпахаанӡа идыршуеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Асыӡбал хааны иҟаларц азы ибзиаӡаны аршра аҭахуп", - лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
9/13
"Асыӡбал хааны иҟаларц азы ибзиаӡаны аршра аҭахуп", - лҳәоит Сулико Кәарҷелиа-Нанба
© Sputnik / Томас ТхайцукАсыӡбал ижәпаӡа ианыҟалалакь, ишшу абанкақәа ирҭарҭәоит, иаразнак ихырҩоит. Џьоукы-џьоукы рхы ларханы иқәдыргылоит, мамазаргьы ахҩаҟны аџьыкхыш ықәырԥсоит.
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
10/13
Асыӡбал ижәпаӡа ианыҟалалакь, ишшу абанкақәа ирҭарҭәоит, иаразнак ихырҩоит. Џьоукы-џьоукы рхы ларханы иқәдыргылоит, мамазаргьы ахҩаҟны аџьыкхыш ықәырԥсоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкыҭақәа рыҟны асыӡбал ишыкәымпылу ихызҩогьы рацәаҩуп, иаахартны иуфартә еиԥш еиқәыршәаны иҟазҵогьы.
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
11/13
Акыҭақәа рыҟны асыӡбал ишыкәымпылу ихызҩогьы рацәаҩуп, иаахартны иуфартә еиԥш еиқәыршәаны иҟазҵогьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмыҵмыџь, акаҵахәыр, аԥҳәаса ирылху уҳәа ирацәоуп аԥсуаа реишәахиараҿы рхы иадырхо асыӡбалқәа.
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
12/13
Амыҵмыџь, акаҵахәыр, аԥҳәаса ирылху уҳәа ирацәоуп аԥсуаа реишәахиараҿы рхы иадырхо асыӡбалқәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкәац рҩа, акәты чаԥа, аԥсыӡ ӡны - абарҭ ачысхкқәа гьамала асыӡбал еиҳа ианаалоит.
Асыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
13/13
Акәац рҩа, акәты чаԥа, аԥсыӡ ӡны - абарҭ ачысхкқәа гьамала асыӡбал еиҳа ианаалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0