Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

Ауаажәларратә хеидкыла "Жәлар рфорум", анаҩс иполитикатә еиҿкаараны ишьақәгылаз, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" Гагра араион аҟны иаԥҵаз аҟәша еиднакылон 300-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуа апатриотцәа. "Аидгылара" араионтә ҟәша аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс иҟаз, ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшоит.
Sputnik

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Аҵх агәы еиҩнашахьан. Аҩнеихагылаҟны инхо зегьы аанарԥшуама уҳәаратәы, аҭел абжьы ҵарӡа иаагеит. Ажәазаҵәык "алло" ауп иҩныҩыз ауаҭах. Ацәаҳәа егьи аган аҟны, "аԥсуа зҵаара ҳалацәажәоит, бласы, бахьнеиша бдыруеит", — ҳәа Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара", Гагратәи аҟәша, аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа Сергьегьиаԥҳа адырра лиҭеит ахантәаҩы Владимир Бениа. Абас мацара, уахи-ҽни амамкәа, шықәсыла, маӡала еиқәшәаны, аԥсуа патриотцәа рмилаҭтә интересқәа рыхьчара иадҳәалаз азҵаарақәа ирылацәажәон.

Наџьнатә аахыс ҳҭоурыхтә дгьыл ҳахызбаауаз ақырҭцәа, рнапаҟны иҟаз амчра рхы иархәаны ҳахәаҽра иаҿын. А-20-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, шьаҭанкыла ҳхырҵәара рҽазыршәеит. Дара имҩаԥыргоз аус еиқәаҵәақәа, аҿагылара арҭон аԥсуа патриотцәа, ауаажәларратә хеидкыла "Жәлар рфорум", анаҩс иполитикатә еиҿкаараны ишьақәгылаз, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" ҳәа захьӡхаз алахәцәа. Гагра араион аҟны иаԥҵаз аҟәша еиднакылон 300-ҩык инарзынаԥшуа. Дара имҩаԥыргоз аполитикатә усқәеи, аҿагыларақәеи ртәы даҳзалацәажәеит, "Аидгылара" араионтә ҟәша аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс иҟаз, ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

"Гагратәи аҟәша аамҭала иахагылаз Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа Чамагәуа иакәын. Иареи, гәыԥҩык ҳпатриотцәеи ирыбзоураны иаартхаз аԥсуа школ директорсгьы даман. Убри аҟнытә, "Аидгылара" алахәцәа аԥсуа школ ахыбраҿы акәын ҳмилаҭтә зҵаарақәа ҳахьрылацәажәоз, иахьаҳӡбоз. Аамҭа наскьацыԥхьаӡа, "Аидыгалара" ахәҭақәа аартхо иалагеит Цандрыԥшь, Бзыԥҭа, Пицунда", — лҳәоит Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

Аиҳабыратә ҭыԥқәа зымҽхакны иҟаз ақырҭцәа, аԥсуаа рыбӷа аиҵыхха рырҭомызт. Аха зегь акоуп, "Аидгылара" алахәцәа мчыла рыуаажәлар ахақәиҭрахь амҩа рзалхра иаҿын.

Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны

"Асовет Еидгыла анеилаҳа, ҳаргьы, егьырҭ атәылақәа реиԥш хазы ашьақәгылара ҳашьҭалеит. Аха Сталин аамҭала имҩаԥигахьаз аполитика иахҟьаны, ҳнапқәа ҿаҳәахеит. Усҟантәи аамҭазы еиҵагылаз абиԥара, зегь акоуп ирылдыршеит, шәышықәсала ҳаԥсадгьыл иахҟьаны ақырҭцәа имҩаԥыргоз аиҿагыларақәа рҟны, наӡаӡа акәаԥ аргылара ", — ҳәа азгәалҭоит Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа.

Гагратәи аԥсуа школ аҟны, ҳмилаҭ иадҳәалаз азҵаарақәа ианрылацәажәоз, изныкымкәа, актәи аихагылаҟны ақырҭуа ҳәсацәа ааны ишыӡырҩуаз иақәыркхьан.

"Аидгылара" иалақәаз иреиуан, Гагра араион аҟны унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз, зыжәлар рзы згәы былуаз, ҳаӷацәа иаартны ирҿагылоз, ианаҭаххоз махәҿылагьы рҭыԥ дзырбоз анапхгараҭараҿы иҟақәаз Борис Кьехьыриԥа, Закан Агрба, Лева Гыцба, Ҭенгиз Габуниа, Иури Сабуа, Херсони Аркадии Пасаниаа, Борис Лазба, Георги Чагәаа, Леонид Лакрба, Вахтанг Дбар, Валери Орчыҟәба, Витали Ажьиба, Витали Чыркба, Иури Бениа, Баграт Багаҭелиа, Вахтанг Дбар, Славик Мықәба, Барда Аиба, Давид Ԥлиа, Џьамал Барцыц, Витали Сулаа, Леонид Хәытаба, Белла Барцыцԥҳа, Ольга Ԥлиаԥҳа, Заира Ҳарабуаԥҳа, Алла Џьниаԥҳа, Ирина Сыҷынааԥҳа, Лиудмила Ҳаразиаԥҳа уҳәа ирацәаҩӡаны.

"Ҳара маӡалатәи аизарақәа шымҩаԥаҳгозгьы, иҟан ацәгьаҳәаҩцәа, уаха еибаҳҳәоз, адырҩаҽны ақырҭцәа рлымҳа аҟынӡа иназгоз. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аус зуаз аԥсуаа, ҷыдала ирышьклаԥшуан. Исгәалашәоит, "Аидгылара" иалаз, амилициа аусзуҩцәа Валери Кәыҵниеи, Константин Ҳагбеи, шаҟа идыргәаҟхьаз, рҿахәы рҿырххьаз. Аха дара зегь акоуп ус ҳарҳәон, "шәанеизозаалакгьы, адырра ҳашәҭалароуп", — ҳәа. Аиашазы, усҟантәи аамҭазы, ҳмилаҭ аҩнуҵҟа ирацәан зҭыԥқәа ирыхӡыӡаауаз. Валери Кәыҵниеи, Константин Ҳагбеи, зыуаажәлар амаҵура ҭыԥ дуи, аԥареи рыла изымԥсахуаз иреиуан", — илгәалалыршәоит Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа.

Ақырҭуа еиҳабыра, аҭыԥ дуқәа рахь, егьа аҵара рымазаргьы аԥсуаа нарышьҭуамызт. Уи адагьы, ақалақьқәа рҟны ашәҟәы иҭарыҩҩӡомызт, ауаҭахқәа рырҭомызт.

"Аԥсуа ҷкәынцәа шықәсыла ауаҭахқәа аиуразы, агәаран иқәгылан. Есқьынагьы, иҭацәу ыҟаӡам ҳәа акәын ҭаксгьы ироуаз. "Аидгылара" алахәцәа ибзианы еилыркаауан уи шымцыз. Уахыкгьы, аԥсуа ҿар иҭацәыз ауаҭахқәа рышәқәа ԥҽны ирыҩналахьан. Зны аилатәара ацара ишаҿыз, Иури Какалиа днеит. Иара диуристын, Гагра аус иуан аҟнытә, ишырҭахымызгьы, ауаҭах аиуразы ақьаадқәа инапаҟны ирҭеит. Уи атәы здыруаз идаҳныҳәало ҳалагеит, аха Иури иҳәеит, иҭыӡҭыԥ аҟны қырҭуак дшыҩналаз. Ари ажәабжь заҳаз Леонид Хәытаба дҩаҵҟьан, ҷкәынцәақәак аашьҭихын, саргьы срыцны, ауаҭах ахь ҳцеит. Лениа шьапыла ашә данас, ақырҭуа иҟалаз изымдыруа, иблақәа ҭырхаха ҳара ҳахь иҿанааих, имахцә данкны дандәылцаны, ацаԥха ааԥсахны Иури инаииркит", — ҳәа еиҭалҳәоит Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

2017 шықәсазы, сгәы иҭаскыз насыгӡеит

Ҳажәлар ирԥырхагаз акадртә еиҭакрақәа аныҟалоз, мамзрагьы џьара закәанк анадкылахоз, "Аидгылара" алахәцәа иаразнак еиқәшәон. Иалацәажәон, уи аԥыхразы иҟарҵаша. Изныкымкәа имҩаԥыргахьан амитингқәеи, амлашьрақәеи. Лиудмила Сергьегьиаԥҳа усҟантәи аамҭазы аус луан агазеҭ "Авангарди", арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагра" рҟны корреспондентс.

1990 шықәсазы, Гагратәи астадион аҟны, лареи лҩызцәа Валери Орчыҟәбеи, Белла Барцыцԥҳаи аԥсуа-ақырҭуа еидыслара иахьалахәыз аҟнытә, Гагратәи апрокуратура рус хацнаркхьан.

"Шықәс дуӡӡак, апрокуратурантәи ауаҩы дааны ҳҿахәы ҳҿихуан. Ҳара ҳажәлар ахьыҟаз ҳаҟан, ҳәа ҭакс шиаҳҭозгьы, иҿыцу фактк ҳирҳәозар ҳәа, ҳашә дылагылан", — лҳәоит амилаҭ хақәиҭратә қәԥара иалахәыз.

Ақырҭцәа лассы-лассы, аԥсуаа рзинқәа рхәаҽуа ианалага, Аԥсны араионқәа рҟны, иааибыҳәаны аполитикатә амлашьратә акциагьы мҩаԥыргахьан. Убасҟангьы, аполитикатәи ауаажәларратәи усқәа еилазгӡоз Лиудмила Сергьегьиаԥҳа, уахи-ҽни, Гагратәи акинотеатр аҿаԥхьа итәақәаз дрыҿцәажәон.

"Ашықәсқәа сынырзыхынҳәуа, ибзианы исгәалашәоит, ҳаҷкәынцәа ишырҳәоз, ирылшо зегь шыҟарҵо, иаҭаххозар рыԥсы шахҭнырҵо, аха ақырҭцәа ҳџьынџьдгьыл аҟны ԥшәымара шрырымҭо", — аҭоурыхтә хҭысқәа дырзааҭгылеит ажурналист.

Ҳгәалашәараҿы инхаз Ашықәс Ҿыц

Лиудмила Сергьегьиаԥҳа аус ахьылуаз агазеҭ "Авангард", х-бызшәакны иҭыҵуан. Аԥсуаа зқәиҭыз ацәаҳәақәа зынӡа имаҷын. Ишнеиуаз арадиодырраҭарагьы аԥырхит.

Аԥсуа-ақырҭуа еиҿыхарақәа раан, Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рхаҭарнакцәа, есқьынагьы ҳара ҳмилаҭ ахь адгылара аадырԥшуан. Аибашьра ҟалаанӡа, Аҟәа астадион аҟны имҩаԥысхьан, Кавказ ажәларқәеи аԥсуааи реизара ду. Убасҟан, уи иаԥырхагахарц рҽазыршәеит ақырҭцәа, аха акгьы рзалымхит.

"Кавказ ажәларқәа реиԥылара аламҭалаз, ақырҭцәа акырӡа рпатруль дырӷәӷәеит. Агәаҭара ҳахрыжьуан, ҳаимырдон ҳарҭ аԥшәмацәеи, иаҳзаауаз асасцәеи. "Аидгылара" Гагра араионтә ҟәша ахантәаҩы Владимир Бениеи сареи, Аҟәаҟа амҩа ҳшықәыз, ҳмашьына ааныркылан, Владимир иқьаадқәа ҭырҵаауа, иалагеит. Атранспортгьы аимдара ишалагоз цәалашәараны исоун, итапанча ахьҭаз иааҭызган, сшәырахь инԥхьаскын, амашьына сҭыҵны, снаскьаны сгылеит. Апатруль ахаҭарнакцәа, ҳаанкыларазы амзызқәа ишрышьҭаз, рылаԥш акгьы ыҵамшәеит. Владимир иԥсы ааиқәаҳан, ажәак мҳәакәа ԥшьала амашьына днақәтәан, Аҟәаҟа, аизарахь ҳҿынаҳхеит. Гаграҟа ҳгьежьны ҳаанӡа, уи атапанча сшәыра иҭан. Ажәакала, уи аҽны абахҭа ҳхы ацәаҳгеит", – илгәалалыршәоит Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

Ауаажәларратә усзуҩ илылшаз рацәоуп, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет, "Ахьтәы парламент" ахь алхрақәа анымҩаԥысуаз, Леонид Лакербаиа икандидатура адгылара аҭараҿы. Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа "Аидгылараҟны" илыдыз аҭакԥхықәра дуӡӡан. Маӡалатәи аизарақәеи, аиԥыларақәеи рахь ажәлар рааԥхьареи, аиҿкааратә усқәеи дырҿын.

Ацхагәҭаны, ланшьа Владимир Бениа аҭел дасны, "аԥсуа зҵаара" иалацәажәатәуп ҳәа анлеиҳәоз, уи иаанагоз, шьапыла, ахәбатәи аиланхарҭа инаркны, аԥсуа школ аҟынӡа, ақырҭцәа лыҽдмырбаӡакәа днеины, ҭелла "Аидгылара" алахәцәа ааԥхьаны, аизара аиҿкаара акәын.

Аибашьра аламҭалаз, дара еилыркааит, аԥсшьарҭа ҩны "Тбилиси" аҟны, "Мхедриони" агәыԥ ахаҭарнакцәа штәахьаз. Иахьа, уаҵәы ақырҭцәа шҳақәлоз агәра ргеит.

"Ҳахьеизоз ашкол аҟны аҭел ҳамаӡамызт. Ажәлар адырра злараҳҭоз, аҩнынтәи иназгоз аппарат еиқәаҵәак ала акәын. Ацәаҳәақәа еиԥшьны, аимадара шьақәҳаргылон. "Мхьедриони" агәыԥ шеизаз анеилкааха, аҵхыбжьон аҷкәынцәа рааԥхьаара ҳалагеит. Исгәалашәоит, Витали Ажьиба иахь аҭел ҳанас, иан атрубка анышьҭалх, дыцәахьеит ҳәа, илацәажәоз аҷкәын ишиалҳәаз. Анаҩс, сара исыҳәеит, аӡӷаб лыбжьы лаҳар, дамаԥхашьаны длырҿыхоит, бизас ҳәа. Ус иагьыҟалеит", — алафгьы алахьеиқәҵареи зцу ахҭыс далацәажәеит Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра алагара рацәак шагмыз, "Аидгылара", Пицунда маӡала еиҿнакааит аԥсуа гвардиагьы. Гагра ашьаарҵәыра ианҭагылаз, Лиудмила Сергьегьиаԥҳа ақалақь далаханы дыҟан. Ҳаӷацәа абџьар лықәыркхьан. Џьон Манџьгалаӡе ҳәа иҟаз, лҩызцәа аҭыԥҳацәеи лареи Гагра аанрыжьыр ашьра шрықәиҵоз агәра диргахьан. Анаҩс аҩ-ганк имҩаԥыргоз аиҭныԥсахлараан, даргьы уи иаҵанакит.

Мадина Ажьиԥҳа: аԥҳәыс лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало ыҟам

Ауаажәларратә усзуҩ лхатә ԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, илылшеит, "Аидгылара" имҩаԥнагоз аусқәа зегьы ртәы зҳәоз ақьаадқәа ҳаӷацәа рҟнытә аҵәахра.

Гагра араион ампыҵахалаҩцәа аналцаха, лҩыза ажурналист Валери Орчыҟәбеи лареи шьапыла ақалақь иалсит. Ана ара рылаԥш иҵашәон ишьны ишьҭаз, аамҭала рыԥсадгьыл иахызбаауаз, рус иаԥырхагахоз, аиҳабыратә ҭыԥқәа аанызкылоз ақырҭцәа.

Лиудмила Сергьегьиаԥҳа лыбзоурала, 1993 шықәсазы, аибашьцәа ацхыраара рыҭаразы, фатәылеи, бџьарлеи, џьаԥҳанылеи реиқәыршәаразы еиҿкаан, ажәлар аднаԥхьалоит ҳәа ателемарафон "Аԥсны иудкыл сыцхыраара" ҳәа хьӡыс иаҭаны агәыҳалалратә акциа. Ԥыҭҩыкгьы, аамҭа хьанҭа ҳҭагылоуп, уи акгьы алҵӡом ҳәа шларҳәозгьы, миллионк аԥара еидкылахеит.

Аибашьра ашьҭахь, хәышықәса инеиԥынкыланы Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа аус луит арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы, Гагратәи аҟәша аиҳабыс. Уи машәыршақәгьы лнапы ианҵамызт, 90-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы, лара аполитикатә цәгәырԥақәа дыргәылсны илылшахьан, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыҽрымадара. Уаҟа илыԥшааит, лашьцәагьы.

Лиудмила Сергьегьиаԥҳа Аԥсны Ажурналистцәа Реидгыла далоуп. 300 инарзынаԥшуа апублицистикатә рҿиамҭақәа дравторуп, реиҳаракгьы зызку, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа роуп. Иҭлыжьхьеит "Адац хьаа" захьӡу, Ҭырқәтәыла инхо, Сергьегьиаа рабиԥара Ҷықьааи егьырҭ ҳашьцәеи ирызку ашәҟәы.

Арҿиара инаваргыланы, Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа лнапы алакуп акультурагьы, лара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҿкаара деиҳабуп.

Лиудмила Мсураҭ-иԥҳа Сергьегьиаԥҳа лыжәлар рзы дыгәрагаҩын, иахьагьы убасцәҟьа, узықәгәыӷуа, зыԥсадгьыл азы зхы иамеигӡо апатроит ду лоуп.