Ақыҭанхамҩа аминистрра: амармалташь пты аҿагылара иацҵахоит

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз 2017 шықәса аихшьаалақәа азуны 2018 шықәсазтәи апланқәа дрылацәажәеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 – Sputnik. Владимир Дауров иҳәеит апты иахҟьаны ақыҭанхамҩатә аалыҵ ишазыԥшыз еиԥш аҽаҩра шыҟамлаз.

"Ааԥын ааира ҳазыԥшуп. Апты уажәы аҽыҵәахны иҟоуп. Аҳәынҭқарра жәа-миллионк рҟынӡа аԥара азоунажьраны иҟоуп, апты анырҵәаразы иахәаҭоу аусурақәа рымҩаԥгаразы", — иҳәеит Владимир Дауров.

Уи адагьы Ақыҭанхамҩа аминистрра еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцнауеит, рԥышәа аимдареи, еиуеиԥшым амаругақәеи рыла ацхыраара ҟарҵарцаз.

Амармалташь пты Гәдоуҭа араион аҟынӡагь инаӡеит

" 2017 шықәса рзгьы ацхыраара ҳаҭан. Аԥсны иамам алшара ҳхатә мчқәа рыла апты ақәгаразы", — иҳәеит иара.

Иара убри аан иазгәеиҭеит апты шьаҭанкыла ақәгара шзалмыршахо.

"Европа, Америка уҳәа атәылақәа рҟны апты иаҿагыланы аусурақәа рымҩаԥгаразы миллиардла аԥара шнырхуа, аха уаҟагьы изалмыршахеит иара ақәгара", — иҳәеит Дауров.

Иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит 2018 ашықәсаз аҽаҩра аиқәырхаразы, иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ. Владимир Дауров иазгәеиҭеит аминистрра иалшо зегь шыҟанаҵо ақыҭанхамҩа аҿиаразы. Иара иажәақәа рыла аминистрра хықәкыла ааглыхыҩцәа ацхыраара рнаҭоит. Аԥснытәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ урыстәылатәи аџьармыкьаҟны изызҵаауа, изышьҭо, акәны иҟоуп, избанзар еиуеиԥшым амаҭәашьарқәа алам ҳәа азгәеиҭеит Владимир Дауров.