АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. 50% рҟынӡа амандаринеи арасеи ықәнахит амармалташь пты Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа азҵаарақәа рзы Гәдоуҭа араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарацхьелиа.
"Ҵыԥх уажәааны ҳраион аҟны зынӡаскгьы апты уԥыхьашәомызт. Сынтәа қыҭацыԥхьаӡа иуԥылоит. 2017 шықәса азтәи аинформациа Ақыҭанхамҩа аминистррахь ианынаҳашьҭуаз иаҳарбеит 50% рҟынӡа амандаринеи арасеи амармалташь пты иқәнахит ҳәа", — иҳәеит Кәарацхьелиа.
Иара иазгәеиҭеит хԥа-ԥшьба шықәса раахыс Ақыҭанхамҩа аминистрра хәыда-ԥсада ахимикатқәа Гәдоуҭа араион ишазоунажьуа.
Уажәазы иҟоу ахимикатқәа азхоит зықь-гектар рҟынӡа адгьыл ахәышәтәра. Гәдоуҭа араион аҟны иааидкыланы 5,5 нызқь гектар ақыҭанхамҩатә дгьылқәа ыҟоуп.
"Ахимикатқәа рзы ауаа анҳадҵаало ҳразҵаауеит "заҟа гектар аус адыжәуларц шәҭахузеи?" ҳәа. Иахәҭоу анорма еиҳаны ахәшә акаҭәара ҟалом. Иара убри аан иазгәаҭатәуп ахимикатқәа рхархәара алҵшәа аныҟанаҵо ааԥыни аԥхыни шракәу", — иҳәоит Иури Кәарацхьелиа.
Иара игәаанагарла 2018 шықәса рзы Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭаҿы аптқәа рхыԥхьаӡара еиҵахоит.