Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс пату ақәҵаны имҩаԥыргоит аныҳәарақәа.  Урҭ аныҳәарақәа егьырҭ ажәларқәа излареиԥшым ахатә ҷыдарақәа амоуп. Уи атәы дазааҭгылоит аҵарауаҩ Арда Ашәба.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Аныҳәара, ажәа ахаҭа иаҳәоит акы уанаҳәо, акы уаназыԥшу еиҳа зымчу иахь ухы рханы. Аха, аныҳәареи, аныҳәаԥхьыӡи акакәӡам. Аныҳәара иацуп иара ахатәы традициа, ахатә ҵасқәа. Уи ҿаҭахьаны иуқәу анагӡара аҟны, иара иақәнаганы, жәытә-натә аахыс изҳәо, иазыԥхьаӡо амарҭхәқәа зегьы ацны аныҳәара ауп", — ҳәа азгәеиҭоит Арда Ашәба.

"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Изакәызеи аныҳәаԥхьыӡ, иарбан ԥҟарақәоу иамоу атәы ҳзеиҭеиҳәеит аҵарауаҩ.

"Аныҳәаԥхьыӡ — иҟалоит аҵәца нкылангьы уныҳәар, иҟалоит ацәашьы кны уныҳәар, иҟалоит ус акагьы мкыкәа агәазыҳәара аарԥшра. Аныҳәаԥхьыӡ Анцәа иахь ауп иахьырхо", — иҳәеит Ашәба.

Аԥсуаа рныҳәашьақәа ртәы ҳазааҭгылозар, даара акыр иазааигәоуп ажәытәтәи Анцәахаҵара адин злашьақәгылоу алитургиа ҳәа изышьҭоу аиҿартәышьа. Раԥхьа иахцәажәоит, нас иныҳәоит аҭоурыхтә хҭыс аарԥшны. Ҳазхәыцып маҷк абыргцәа аҵәца кны рныҳәашьақәа.

"Уара уаагылазар еснагь абшьҭрала аԥсуара змырхәашьыц, ауаҩра ныҟәызго, зажәа акрылнадо, аӡыхь иаҩызоу абызшәеи аҵаси еиламхәакәа иаазгоу уоуп. Анцәа уиныҳәааит, уаԥхьаҟа аҿиара уоуааит, уӷьацааит, узықәтәо адгьыл,уҳабла ықәырҭәаан Анцәа уҟаиҵааит", — ҳәа азгәеиҭоит Ашәба.

Убас еиԥш иҟоуп ажәытә абырзенқәа рҟны излашьақәгылоу Анцәа маҵзуратә ныҳәарақәа, ауахәама аҟны имҩаԥысуа. Иарбан усзаалак аҟны Анцәа улԥха ҳаҭ ҳәа-акәын аус ишалагоз, аҵәцахә аныркуа мацара акәымкәа. Иахьа, еиқәханы иҟоу, ҳатрадициақәа мырӡкәа иааҳгоит, маҷк ԥсахрақәак, ԥсыҽрақәак ҟалазаргьы. Аныҳәарақәа иарбан жәларзаалакгьы ирымоуп. Ажәлақәа рнаҩсгьы, абшьҭрақәагьы ирымоуп. Урҭ рҟынгьы иааԥшуеит ажәытә елементқәа, аҿатәқәа аларгалазаргьы. Иҟоуп аԥстәы кәырбан ҟаҵаны, иҟоуп шьа злам ӡатәны ианнаргогьы.

Аԥсуаа рҿы аныҳәарақәа еиуеиԥшымкәа иҟоуп. Иазгәаҭоуп шьыжьтәи аныҳәара, иҟоуп хәылԥазтәи аныҳәара, иҟоуп ҵхыбжьонтәи аныҳәара. Шьыжьтәи аныҳәара, ашьыжь ашацкыраз дангылалак "Анцәа улԥха ҳаҭ"- –ҳәа ииҳәо мацара акәӡам. Ашықәс ахь знык убри аныҳәара ыҟоуп.

Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак

"Ажәлантәқәа ирымоу шьҭкааны, имырӡкәа иааргоит. Уи иацуп хазы аҷыдарақәа. Иҟоуп уахынлатәи аныҳәара. Аха, убарҭ аныҳәарақәа зегьы рҽыршоит аамҭа еикәшара шыҟоу еиԥш. Иаҳҳәап, ачгара ианыҵоу, аныҳәарақәагьы ыҟоуп, ианыҵыҵлакгьы аныҳәара ыҟоуп. Ажәытә еиҳарак имҩаԥызгоз аиҳабацәа ракәын, аха иахьа ақыҭақәа рҟны ԥшьҩы-хәҩы аишьцәа ахьыҟоу, аишьцәа аҩнаҭа иаҿыҵны ицахьазар, аҩнаҭаҟны инхаз, дгәыбжьанытәзаргьы, деиҵбызаргьы, аб иџьынџь аҿы иҟоу убри ацәашьы идыркуеит, изықәнагоу ҳәа иԥхьаӡаны", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Ачгара аамҭазгьы аныҳәарақәа азгәаҭоуп, уи дара рхатә ԥҟарақәа рымоуп.

"Ачгара ианыҵоугьы аныҳәагатәқәа еиламгакәа инарыгӡоит. Урҭ рҟны аӡатә ыҟаӡам, аԥстәы. Иҟоу — акәакәарқәа, ацәашьы, аҩы. Аха, уи иаанагазом аныҳәара амҩаԥгашьа аԥҟара еилагоуп ҳәа. Мзала ирыԥхьаӡо аныҳәарақәа ачгара аамҭа иақәшәоит. Ианныҳәатәу рхатә амшқәагьы рымоуп", — ҳәа азгәеиҭоит Арда Ашәба.