Асакара Сахара асы ықәнауит

2017 шықәса рзгьы асы аухьан Сахаратәи асакараҿы. Раԥхьаӡа акәны абри аҭыԥ аҿы асы леит 1979 шықәса, жәабранмзазы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Абар, уажәшьҭа ҩышықәсоуп асакара Сахара аҟны асы леиуеижьҭеи ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь алжиртәи агазеҭ TSA адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Асоура иалагеит амҽыша, ажьырныҳәа 7 рзы, ақалақь Аин-Сефра иахьаҵанакуаз. Ҭыԥқәак рҟны асы аҩаӡара 40 сантиметра рҟынӡа иҩеиуеит.

Снег в пустыне Сахара 7 января 2018

2017 шықәса рзы иара абри аҭыԥ аҿы илеит асы.

Аин-Сефра аԥхын ашора +37°С рҟынӡа ихалоит, аӡынраз градуск аҟынӡа илаҟәуеит.