АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Абар, уажәшьҭа ҩышықәсоуп асакара Сахара аҟны асы леиуеижьҭеи ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь алжиртәи агазеҭ TSA адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Асоура иалагеит амҽыша, ажьырныҳәа 7 рзы, ақалақь Аин-Сефра иахьаҵанакуаз. Ҭыԥқәак рҟны асы аҩаӡара 40 сантиметра рҟынӡа иҩеиуеит.
2017 шықәса рзы иара абри аҭыԥ аҿы илеит асы.
Аин-Сефра аԥхын ашора +37°С рҟынӡа ихалоит, аӡынраз градуск аҟынӡа илаҟәуеит.