Михаил Державин анышә дамардеит

Михаил Державин иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 10 рзы. Державин 81 шықәса дырҭагылан.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 — Sputnik. Урыстәыла жәлар рартист Михаил Державин Новодевичие аԥсыжырҭаҿы анышә дамардеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Актиор, иаб, Вахтангов ихьӡ зху Атеатр актиор Михаил Степан-иԥа Державин, диваржит. Аграждантә панихида мҩаԥысит асатира Атеатр аҟны. Державин иԥшәмаԥҳәыс Роксана Бабаиан илыдашшыларц уахь инеит асатира Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Александр Ширвиндт, Наина Ельцина, Константин Ернст, Андреи Малахов, Вера Алентова, Вера Васильева, Наталиа Селезнева, Еммануил Виторган, Борис Грачевски, Михаил Швыдкои, акультура аусзуҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, актиор иҟазара абзиабаҩцәа.

Аграждантә панихида ашьҭахь Анцәа еиҭагылара Ауахәамаҿы актиор ихаԥшьан. Уи иалахәын актиор иуацәа, иҭынхацәа, аус ицызуаз, иҩызцәа гәакьацәа.