Михаил Державин анышә дамардеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрощание с народным артистом России Михаилом Державиным
Прощание с народным артистом России Михаилом Державиным - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Михаил Державин иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 10 рзы. Державин 81 шықәса дырҭагылан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 — Sputnik. Урыстәыла жәлар рартист Михаил Державин Новодевичие аԥсыжырҭаҿы анышә дамардеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Актиор, иаб, Вахтангов ихьӡ зху Атеатр актиор Михаил Степан-иԥа Державин, диваржит. Аграждантә панихида мҩаԥысит асатира Атеатр аҟны. Державин иԥшәмаԥҳәыс Роксана Бабаиан илыдашшыларц уахь инеит асатира Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Александр Ширвиндт, Наина Ельцина, Константин Ернст, Андреи Малахов, Вера Алентова, Вера Васильева, Наталиа Селезнева, Еммануил Виторган, Борис Грачевски, Михаил Швыдкои, акультура аусзуҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, актиор иҟазара абзиабаҩцәа.

Аграждантә панихида ашьҭахь Анцәа еиҭагылара Ауахәамаҿы актиор ихаԥшьан. Уи иалахәын актиор иуацәа, иҭынхацәа, аус ицызуаз, иҩызцәа гәакьацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0