АҞӘА, ажьырныҳәа 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц Очамчыра араион ауааԥсыра рԥылараҿы иқәгылараан иазгәеиҭеит араион анаплак ҿыцқәа раартразы аҳәынҭқарра аинвестициатә программала ишазоунажьыз 400 миллион мааҭ аԥара.
"Шәара ижәдыруеит Араду ақыҭан ишаарту ашәырқашь ахьыҟарҵо анаплакы, иахьа-уаҵәы ҳәа ҳазыԥшуп Кындаӷ ақыҭангьы анаплак ҿыц аусура алагара. Шьаҿа-шьаҿала акәзаргьы, аҭагылазаашьа аиӷьхара амҩа иануп. Ҳтәылауаа рзы иаатуеит аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа, аҭыԥантәи абиуџьет есышықәса ишьҭыҵуеит", — иҳәеит иара.
2017 шықәса рзы Очамчыра араион иазоужьын 15 миллион мааҭ аԥара ҳәа азгәеиҭеит Аԥыза-министр.
"Ииасыз ашықәс имариаз шықәсны иҟамызт. Уи амзызқәа рацәан, аха ҳара иҳалҳаршеит ҳхыдҵақәа рынагӡара. 2017-2019 ашықәсқәа рзтәи Аинвестициатә программахь иаҵаҳаркит асоциал-економикатә проектқәа жәпакы", — иҳәеит Барцыц.
Беслан Барцыц иара убасгьы иазгәеиҭеит Очамчыра ақалақь аҟны ахәыҷбаҳча аргылара ишаҿу, Ҭхьына ақыҭан ашкол ҿыц шдыргыло.
Раԥхьа иргыланы ақыҭақәа рҿы иахәҭаны иҟоуп аӡы, амҩақәа, афымцалашара рпроблемақәа рыӡбра ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аиҳабыра рхада.