"Аԥснытәи абаҳчақәа" раалыҵ аҳәаанырцәҟа ирышьҭуеит

© Sputnik Амра АмичбаПродукция фабрики "Абхазские сады"
Продукция фабрики Абхазские сады - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура 2017 шықәсазтәи аусурақәа реихшьаалақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аилахәыра "Аԥснытәи абаҳчақәа" аекспорт ҳәа 80 000 банка ашәырқашь аҳәаанырцәҟа ирышьҭит иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба.

"Ԥхынҷкәын 25 рзы иазыԥхьагәаҭоуп аҽа 40 000 банка Урыстәылаҟа ашәырқашь ашьҭра", — иҳәеит иара.

Ашәыр аусеиҭадуларазы афабрика "Аԥснытәи абаҳчақәа" ргылоуп Аԥсны абжьаратә наплакра адгылара азҭо Аинвестициатә программа аԥаразоужьрала.

2016 шықәса абҵара 15 рзы иаартын Очамчыра, VII Аԥсны-Урыстәылатә усутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аинвестициатә маҵзура апроект маншәалақәа ҳәа Симон Агрба рыӡбахә иҳәеит егьырҭ аобиектқәагьы.

"Зодиак" ачаӡырҭеи адәқьани русура хнартхьеит, "Кындыг-Агро" – атеплицатә комплекс аҟны апатырџьан аадрыхуеит. Аусура иалагаз апроектқәа рҟны иаартын 134 усурҭатә ҭыԥ, аусура иалагараны иҟоу апроектқәа рҿы иазыԥхьагәаҭоуп 170 усурҭатә ҭыԥ, иҳәеит Симон Агрба.

Иара иажәақәа рыла жәашықәса рыҩныҵҟа арҭ анаплакқәа рҟынтәи аҳәынҭқарра шәахтә ҳасабла иаиуроуп 250 миллион мааҭ аԥара.

Апроектқәа ирзоужьын миллиардки 190 миллиони 884 нызқьмааҭ аԥара иҳәеит Симон Агрба.

Ажәабжьқәа зегьы
0