Ашьапылампыл азы ачемпионат иақәхарџьуп 480 миллиард мааҭ

Урыстәыла ақалақьқәа жәеиза рҟны имҩаԥгахоит 2018 шықәсазтәи адунеи ачемпионат.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18— Sputnik. Урыстәыла ақалақьқәа жәеиза рҟны имҩаԥгахоит 2018 шықәсазтәи адунеи ачемпионат. Арҭ ақалақьқәа рҟны аинфраструктура аргылара иақәхарџьуп 480 миллиард мааҭ аԥара. Абри атәы аанацҳаит Sputnik Южная Осетия.

"Россия-2018" аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Алексеи Сорокин иазгәеиҭеит ачемпионат аҽазыҟаҵара ҭышәынтәаланы, ишазыԥхьагәаҭаз еиԥш ишымҩаԥысуа.

"Иахьазы аргыларақәа рыхәԥса иартәахьеит 480 миллиард мааҭ аԥара. Аргыларақәа ракәзар дара ахьымҩаԥааго инхо ауааԥсыра рзы ԥхьаҟазы ихәарҭахоит", — иҳәеит иара.

Сорокин иажәақәа рыла иҟарҵо ауснагӡатәқәа ирзоужьу аамҭа иақәшәо иҟоуп.