Ҳаџьымба: атәыла анапхгара иааиԥмырҟьаӡакәа акритика рзыруеит

Аԥсны Ахадеи Гагра араион ауааԥсыреи реиԥылара мҩаԥысит ахаша, ажьырныҳәа 17 рзы.
Sputnik

ГАГРА, ажьырныҳәа 18 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атәыла Ахада иҳәеит атәыла ахадара акритика шырзыҟарҵо. Ҳәарада амчра иазыруа акритика аҵаҵӷәы анамоугьы аныҟоу ыҟоуп, аха имаҷым амчра аганахь ала аоппозициа ишыҟоу аадырԥшырц, рхы ӡырыргарц башацәажәараны ианыҟоугьы иҳәеит иара абри аҭагылазаашьа далацәажәо.

"Еилкаатәуп аамҭа кьаҿк иалагӡаны зегьы рҭышәныртәалара шзалымшо", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада афымцалашара апроблема ӡбатәуп иҳәеит

Иара аҽазныкгьы иазгәеиҭеит ԥхьатәара ацара шигәҭакым, аконституциа инақәыршәаны имоу аҿҳәара, 2019 шықәсанӡа иусура шымҩаԥиго.

"Лассы-лассы исаҳауеит еицәаны анхара ҳалагеит, ҳаагарҭа маҷхеит ҳәа рҳәо. Аԥсны акәша-мыкәша зегьы аҭагылазаашьа бааԥсы аныҟоу араҟагьы зегь маншәаланы ҟалашьа амаӡам. Гагра араион ҳалацәажәозар, иазгәасҭар сҭахуп ииасыз ашықәс азы абиуџьеттә лагала 30-35% ишылаҟәыз", — иҳәеит иара.

Уи ауаа ашәахтәқәа ршәара ахьырҭахым ауп изыхҟьо иазгәаиҭеит Ҳаџьымба.

"Ҳара иаҳҭахуп аулафахәы, атәанчахәы шьҭыҵырц, иара убри аан ҳаиҿагыланы аизарақәа мҩаԥаагоит. Иззы?" — дҵааит атәыла Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ареспублика аҿиара анаиуа аполитикатә ҭышәынтәалара аныҟалалак шаку.