ГАГРА, ажьырныҳәа 18— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Гагра араион Ахада инапы ианиҵеит ишзалшо ала иаарласны Багрыԥшь ақыҭаҟны афымцалашара апроблема иӡбарц.
"Заур Рамшьыхә-иԥа, мчыбжьык аҩныҵҟала атрансформатор шышәыԥсахыз азы адырра сышәҭароуп. Ианышәзыҟамҵа аҩныҟа шәцар акәхоит", — иҳәеит иара.
Багрыԥшь ақыҭа ауааԥсыра атәыла Ахада иахь аҳәара ҟарҵеит афымцалашара апроблема аӡбараҿы ацхыраара риҭарц.
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны иахьаҵанакуа афымцастанциаҵаҟәшақәа зегьы рҭыԥ ишықәҵо.
"Аусурақәа мҩаԥган урыстәылатәи афинанстә цхыраарала. Ииашоуп, афымцатә ҳақәа рҭагылазаашьа акыр иуашәшәыроуп, аха урҭ зегьы неиԥынкыланы реиҭашьақәыргыларазы акыр аԥара аҭахуп, жәа-миллиардкгьы азхом", — иҳәеит иара.
Иара убри аан дазааҭгылеит афымцалашара ахә ахшәаара рацәак бзиа ишырымбо атәы.