Ахш иалху "ампыл" Нанули лҟынтә

Sputnik азы ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа атәы еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан инхо Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр.
Sputnik

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа 

Ашыжь асааҭ ааба рзы Sputnik акорреспондентцәа Дәрыԥшь ақыҭан Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр дахьынхо агәараҭа агәашә инадгылеит. Акәытқәеи аҳәарақәеи рыбжьы гоит, ақыҭа аԥсҭазаара аилашра иаҿуп. Аԥшәмаԥҳәыс илҳәоит, сара сыжәқәа асааҭ быжьба рзы исхьоит, ахш шьыжьнаҵы исыдыскылоит ҳәа.

Ҩынҩажәа шықәса иреиҳауп Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр Дәрыԥшь ақыҭан дынхоижьҭеи. Нанули шьҭрала Очамчыра араион Аҭара ақыҭа датәуп. Гәдоуҭаҟа нхара саауеит ҳәа сгәы иҭамызт, лҳәоит лара. Аԥсуа нхара ишаԥу еиԥш аԥшәмаԥҳәыс лҭаацәеи лареи ирымоуп акәты, акәҷышь, ажәқәа, аҳәарақәа рацәаны. 

Иҟоуп макьана анхацәа кәаҭанала ицәаӷәо

Иахьазы, Нанули хә-жәык лхьоит, ҩажәа литра инеиҳаны ахш лоуеит. Лара ишылҳәо ала, ажәқәа рбара аџьабаа шацугьы, ахшлых уара утәы аныҟоу еиӷьу акгьы ыҟам. 

"Сара Аҭара ақыҭан сиит сааӡеит, раԥхьаӡа ажәхьара салагеит ҩ-класск рыҟны сантәаз. Аиашазы, аџьмақәа рыла ауп ахьара шысҵаз. Саб аныга хәыҷы сзыҟаиҵеит, арахә рацәаны иҳаман усҟан. Амала акамбашькәа рхьара сцәыуадаҩын, урт ркыка еиҳа иӷәӷәоу", — ҳәа лгәалалыршәоит Нанули.

Ажәқәа рбара, унапаҿы аагара уадаҩуп, рыгәшәымшә аҳәашьа уақәымшәар ахш урҭом, лҳәоит лара. Дәрыԥшь ақыҭан ҳахьықәынхо арахә рбара уадаҩуп, ҳәа дахашшаауеит аԥшәма.

"Ажәқәа зегьы ирзыхьаӡом, рнапаҿы иааиӡом, унацәкьарақәеи, умахәҿи ӷәӷәазар ауп. Аҳәыс ианыхәыҷу акыкақәа ҩба азынсыжьуеит, еиҳа иандухалак акы. Зханшьалара уадаҩу арахә агәара иҭасаргылом. Иҵыгьуа, уведра иҭаԥалауа ажә, уи адкылара аҭахӡам. Ажә ҭынчӡа игыланы иухьозар ауп. Аӡынра ажәгәара иҭакны иҳамоуп. Ус ахкаара ҳәа акгьы ҳамаӡам. Ахш бзианы исырҭарц афатә рыгсыжьуам. Аҭәеи аԥҳәи еицҵаны ирысҭоит", — ҳәа лҳәоит лара.

Ажә анхьалакгьы, мчыбжьык ахш лыдылкылаӡом, нас ианрымшьароу, аԥшьашьаҽны, илныҳәоит. Ажәқәа рынцәахәы Жәабран "шәрахәымшхааит" ҳәа дрымҵаныҳәоит. Нас ахш лыдылкылоит, ацар алҭар, илыршыр ҟалоит, амцахь иналгоит, аџьыка алыркуеит. 

Аџьықәреи иалырхуа аԥсуа бысҭа аҭоурых

"Ажәқәа рхьара асааҭ быжьба рзы салагоит. Исырҭаз ахш зегьы сраӡоит, аӡхьарша асҭоит, ахш ақаҭәара ҵасӡам ҳәа рҳәоит. Ашьҭахь сыхш ацыр асҭоит, иара уигьы сара схала иҟасҵоит. Ажә аца сырҩоит, абанка ду аҟны ахыз аҵасҭәоит, аҿыш цырақәа ҟасҵоит иарцаҳә-цаҳәуеит ҳәа, алаҳа амахәқәа хԥа ахәыҷқәа ҭасыршәуеит — иарџьбарахарцаз, аџьыкхыш асҭоит. Хлитрак ацыр ҩымз исызхаӡом, аҿыц ҟасҵоит. Ацаргьы ахш исымоугьы азԥхьагәаҭаны блала иҟасҵоит, акгьы  сзаӡом", — хәа акәама-ҵамарақәа еиҭалҳәоит Нанули.

Ахш ацыр аналҭалак сааҭк дыԥшуеит, ацар акуазар ҳәа, уи аамҭазы ашәха еилалҵоит.

"Ахш ацар анасҭалак, знык-ҩынтә игәамҭоит, иаку иамку. Ианаклакгьы ахарҵәы еиԥш ибаҟаӡа иҟалоит. Ианыманшәалам ахш ацыр акӡом. Егьараан исыхьхьеит иманшәаламкәа. Ашәаӡа хысхаанӡа, ашәха еиласҵоит", — ҳәа ацылҵеит лара.

Ашәха аилаҵаразы ачуан аӡы рацәамкәа инҭаҭәаны амца иақәыргылатәуп. Аӡы аиларшра ҟалом, избан акәзар,  ашә зынӡа итыруа иҟалар алшоит, еиламларгьы ҟалоит. Нанули лажәақәа рыла, шаҟа шықәса ахшлых ҟалҵо ашә узымфо лнапаҿы имааиуа иҟамлацт.

— Сымш асааҭ фба рзы иалагоит. Саныҩагылалак, сныҳәа-ныԥхьаны акәытқәа акрырҿаҵаны иоусышьҭуеит, нас сырахә рахь сдәықәлоит.

— Ашьыжьтәи акаҳуа анбашәжәуа?

— Акаҳуа уамак сазгагам, акрымфакәа акаҳуа сжәуам. Ажәхьара еиҳа исҭахуп, акаҳуа ыжәуа ацәажәара аасҭа, лҳәеит Нанули Кәыҵниа-Кәакәасқьыр ҳцәажәара хыркәшауа.