АҞӘА, рашә 10 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аџьықәреи акультура раԥхьаӡа иахьцәырҵыз Мексика иҟоу Бальсас аӡҭачаҿоуп. Ача какали аԥрынџьи рнаҩс, ари акультура иааннакылеит ахадаратә ҭыԥ ауаҩытәыҩса ихархәараҿы. XV-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы аныҟәаҩ Христофор Колумб Испаниаҟа иааигаз аԥшжәла раԥхьа абаҳчақәа рҟны иаадрыхуа иалагеит. Анаҩс, уи ахаҭабзиареи агьамеи анышьақәдыргыла, афатәқәа рыҟаҵаразы рхы иадырхәо иалагеит. Уи ааӡеит Урыстәыланӡагьы. Аԥсны акәзар, иҟоуп агәаанагара, аџьықәреи аарыхра иалагеит XVIII-тәи ашәышықәса аҵәамҭазы ҳәа.
"Аџьықәреи Аԥсны аарыхра иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Уаанӡа иаадрыхуаз ашыи, ахәыӡи — аџьықәреи иаԥсахит. Иахьа, ныҳәагатәык ҟарҵозар, уи мацәазк иадамхаргьы иаларҵоит. Аныҳәагатә аҟны еиҳа иразуп, амч амоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Аԥсуаа рҟны, абысҭа пату ақәуп. Сасык дырзааир, иаразнак ахьуарӡы дырхиоит, бысҭа ԥхак изымукәа ишьҭра ԥхашьароуп. Ахьуарӡы ажәа аҵакы ӷәӷәа амоуп: ахьы ауразы аӡы. Абысҭа зларуаз ачуан ахааназы ирыԥсахӡомызт, акәац аларжәӡомызт. Ачуан ахаҭа, иԥшьоу мыруган иԥхьаӡан. Аԥсуаа "иҵасым" зхырҳәаауаз рацәан. Амҳабысҭа, бысҭа хәыҷык амамкәа иуӡәӡәар, иҵасым рҳәон. Аҵыхәтәаны ачуан иҭыргоз аҿахра аӡӷаб илырҭомызт, ахьча дигоит ҳәа. Уимоу, аԥхьаӡа иахырхуаз ахәы, ахәыҷы иҿарҵаӡомызт. Аџьықәреи арыц амца иақәыԥсар, иблыр, арыцҳара ҟалоит ҳәа иԥхьаӡан. Аԥсуаа раарыхра пату ақәырҵон. Еиҳарак аԥшлыҵ. Аӡлагараҟынтә иргозар, мамзаргьы ирыԥсахзар, ирымшәар, гәнаҳарак ҟаҳамҵазааит ҳәа иазнеиуан", — ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ Арда Ашәба.
Иарбан чысхкыу иалымҵуа аџьықәреи? Уи лаганы, ашыла иалхны ируеит абысҭа, ирӡуеит амгьал. Ҽеила имшәыц аџьықәреи арыцқәа ирылырхуеит ахәша, уимоу жәлар рмедицинаҿы, аџьықәреи ахышәҭ аҟара ихәарҭоу егьыҟам. Уи еиҵарԥхьаны иужәлар, аҷаҷа, агәаҵәа, абаҩхьаа уҳәа, ачымазарақәа рыхәышәтәразы ицхыраагӡоуп.
Еиду Америкатә Штатқәа рҟны, аџьықәреи иалхны ирӡуан ача, акыр пату ақәны иҟан, аԥсуаа рҿы ҳаҭырла иазнеиуеит жәытә-натә аахыс ашыла иалхны ируа абысҭа. Аҩнаҭахьы имҩахыҵыз асас абысҭа ԥха иҿамҵакәа дрышьҭуам. Убриазы, аԥшәмаԥҳәыс еснагь дыхиазароуп, лықҿаҩра ашыла агны иҟамлароуп. Аԥсны анҭыҵ инхо аԥсуаа, иаҳҳәозар Ҭырқәтәыла, имырӡкәа иааргоит рмилаҭтә чысхкқәа. Ҳәарада, урҭ ираԥхьагылоуп ируа абысҭа.
"Ҳара ҳанацәа излаҳдырбаз ала, абысҭа еизакны чанах ҟьаҟьак ианаҳҵоит. Нас арахәыц ала еихҳарссоит. Ашә алаҳҵоит, акәацқәагь наваҳҵоит, агәҭа иааҭаргәаҩаны ахәша агәылаҳҭәоит, аџьыкагь нақәаҳцоит", — лҳәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Севиль Ахԥҳа.
Дарбан ԥсыуа ԥҳәысзаалак, Аԥсны инхо, абысҭа аушьа лдыруазароуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Абжьыуааи абзыԥқәеи рбысҭаушьақәа еиԥшӡам. Абжьыуаа, ахрыӷ бзианы иҵыӡәӡәааны, ачуан иҭаԥсаны идырсоит. Анаҩс, ашыла алаԥсаны абысҭа руеит. Абзыԥқәа — аӡы унапы иачҳаратәы ианшлак, ашыла ҭаԥсаны идырсоит. Ԥыҭк иансалак, ашыла еиҭа иахаԥсаны, абысҭа руеит.
Амхәырсҭа аҳкәажә ҳәа ззырҳәо аџьықәреи аарыхны ацаҟынӡа анагаразы, шаҟа цьабаа аҭахыузеи? Адгьыл ацәаӷәара, алаҵара, арашәара, аҭагалара уҳәа. Аха, знык анхаҩы абарҭ аусқәа зегьы данрызиааи, алшықәсанык дҭынчуп. Дҭәы-дыԥха ихы ныҟәигоит, исасгьы дибоит!