Галтәи ахәышәтәырҭаз МРТ акыр ихәарҭахон

Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәеи Аԥсны Ахадеи алацәажәеит амагнит-резонанстә тамограф азы ахыбра аргылара азҵаара. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла МРТ Гал араионаҿ аҟазаара иалнаршон ҳтәылауаа ҽыхәышәтәра ҳәа Қырҭтәылаҟа рымцара.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Галтәи араионтә хәышәтәырҭа даҭааит. Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәеи Аԥсны Ахадеи алацәажәеит амагнит-резонанстә тамограф азы ахыбра аргылара азҵаара. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла МРТ Гал араионаҿ аҟазаара иалнаршон ҳтәылауаа ҽыхәышәтәра ҳәа Қырҭтәылаҟа рымцара.

Аппарат аахәоуп. Уи аусура ауаа аҳәаанхыҵҟа рцара ԥнакуеит, имаҷымкәа апроблемақәа аӡбуеит иҳәеит араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Гьаргь Шониа.

"Иахьазы МРТ ҟарҵарцаз ҳуааԥсыра Қырҭтәылаҟа ицоит. МРТ аппарат 12 миллион мааҭ ахҭнаҳҵеит. Уажәы аппарат азы иҷыдоу ахыбра ҳҭахуп. Уи аргылара ҳалагоит. Уи миллионк, ҩ-миллионк ақәырӡтәхоит", — иҳәеит Шониа.

Шониа иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭа иарҭаз ареанимобиль акыр ихәарҭаны ишырзыҟоу.

"Ацхыраара лас" ҿыцқәа Аԥсныҟа иааргеит

"Ареанимобиль азы иҭабуп ҳҳәоит. Даара ахархәара аҳҭоит. Ҳчымазцәа Шәача, Краснодар акырынтә иалаагахьеит", — иҳәеит аҳақьым хада.

Гал араион Ахада Тимур Надараиа иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭа ҟазауаала ишеиқәыршәоу.

"Ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа рыла еиқәыршәоуп – 52 ҳақьыми 12 медиаҳәшьеи аус руеит", – иҳәеит Надараиа.

Атәыла Ахада иара убасгьы идырбеит алабораториа, ахшараиурҭа аҟәша, аренген аппарат ҿыц, акардиомониторқәа.