АҞӘА, ԥхынҷкәын 6– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ашықәс ҿыц азтәи аҳамҭа ҳәа рыхҳәааны, ԥхынҷкәын 6 рзы, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Ацентртә раионтә хәышәтәырҭақәа ирзишеит Аԥсны ареспубликатә биуџьет аԥарақәа рыла иаахәоу "Ацхыраара ласы" автомашьынақәа ааба.
Ареспубликатә цхыраара ласы астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>
"Ацхыраара ласы" автомашьынақәа ааба рыҭоуп: ацентртә раионтә хәышәтәырҭақәа, Аҟәа ақалақь Ацхыраара ласы астанциа, Аҟәа ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа.
"Ҳара ҳҽазаҳшәоит иҟоу автопарк аиӷьтәра, арҭбаара. Уи иалнаршоит ауааԥсыра еиҳа лҵшәа аманы рымаҵ аура. 2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҳҭеит еиҳа мыруга ҿыцла еиқәыршәо амашьынақәа раахәара. Уи ала Ацхыраара ласы астанциа аусура ахаҭабзиара еиӷьтәхоит", — иҳәеит Ҵахнакьиа.
Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Гьаргь Шониа иажәақәа рыла араион аҿы автопарк ҷыда акыр иқәсхьеит. Амашьынақәа жәба рҟынтәи аус зуаҳәа иҟоу ҩба роуп.
"Акласс "С" иатәу ареономобиль ҳамоуп. Иаҭахны ианыҟоу Урыстәылаҟа ачымазцәа алаагоит. Ҳахәышәтәырҭа зымаҵ ауа аҵакыра акыр иҭбаауп. Зны-зынла Гал араион еиԥш Очамчыреи Тҟәарчали араионқәагьы рымаҵ аауеит", — иҳәеит иара.
Ареспубликатә цхыраара ласы астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа иазгәеиҭеит иахьазы иаагоу автомашьына ҿыцқәа ажәытәқәа излареиԥшым шыҟоу – "уи дара медицинатә мыругала реиқәыршәара аиӷьтәроуп".
Иахьазы Ацхыраара ласы астанциаҿы аҿыцқәа налаҵаны жә-машьынак рымоуп. Џьопуа дгәыӷуеит ԥхьаҟазы автопарк шьаҭанкыла ирҿыцхап ҳәа.
Ашықәс ҿыц азтәи аҳамҭа ҳәа рыхҳәааны, ԥхынҷкәын 6 рзы, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Ацентртә раионтә хәышәтәырҭақәа ирзишеит Аԥсны ареспубликатә биуџьет аԥарақәа рыла иаахәоу "Ацхыраара ласы" автомашьынақәа ааба.