Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны амцакра ҟалеит

Аҟәатәи ашкол №10 аҟны амцакра шыҟалаз азы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррахь аҭел иасит аԥшьаша, ажьырныҳәа 25 асааҭ 11.02 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ашкол №10 аҟны амцакра шыҟалаз азы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррахь аҭел иасит аԥшьаша, ажьырныҳәа 25 асааҭ 11.02 рзы.

Возгорание в 10-ой школе

Ашкол ахәыҷқәа дәылыргеит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит аминистрра апресс-маҵзураҟынтә.

"Амца ахы акит аҩбатәи аихагылаҿы. Афымцатә шьчит амца акит. Алҩа хачлеит, амца алаӷәрахьы ихалеит. Аҭыԥ ахь инеиз амцарцәаҩцәа жәабаҟа минуҭ рыҩныҵҟала амца дырцәеит", — аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭара.

Ашкол аҩныҵҟа иҩназ аӡәгьы ԥырхага имоуит.

АҶА адыррақәа рыла амцакра ҟалазар алшоит афымцатә ҳа иаиуз ахьанҭара иахҟьаны.

Возгорание в 10-ой школе