Иҿыцу, узықәгәыӷратә иҟоу: аҳәынҭеилакы "Амшынеиқәыфымцамч" атехника ҿыц аиуит

23 млн мааҭ рыхә атехника ҿыц аагоуп аҳәынҭеилакы "Амшынеиқәыфымцамч" азы.
Sputnik

23 млн мааҭ рыхә атехника ҿыц аагоуп аҳәынҭеилакы "Амшынеиқәыфымцамч" азы, иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аилак аинџьныр хада Ҭенгиз Гәырџьынба.
"Даара ҳаззыԥшыз амашьынақәа ҳауит. Ҳусураҿы зда ԥсыхәа ыҟамыз. Иахьа иҳамоу атехника аҭагылазаашьа уадаҩуп, иаҳа иахьаҭаху араионқәа ирзаҳшоит", — иҳәеит Гәырџьынба.