Аҟәа, ажьырныҳәа 29 –Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур А`қаҩба диԥылеит Науру ахада Барон Дивавес Вака. Абри атәы ааныҵҳауеит Адәныҟатәи аускәа аминистрра аофициалтә саит.
"Даур Ақаҩба Барон Дивавес Вака иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Наура аҳәынҭқарра ахьыԥшымра 50 шықәса ахыҵра инамаданы еиҿкааз аныҳәатә усмҩаԥгатә ахьа ааԥхьара ахьрыиҭаз", — азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.
Аиԥылара аан иалацәажәан аҩҳәынҭқаррак аԥхьаҟатәи русеицура, Аокеанҭынчтәи арегион аҿы аимадарақәа рыҭбаара.
"Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иаиҳәеит аҩҳәынҭқаррак реимадараҿы акыр иалкаау хҭысны ишаанхо Науру ахада Барон Дивавес Вака иҳаҩсыз ашықәсан абҵара мзазы Аԥсны иҟазаара аамҭа", — аҳәоит асаит аҿы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Барон Дивавес Вака атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала ааԥхьара ииҭеит Аџьынџьтәылатәи аибашьраан игаз Аиааира 25 шықәса ахыҵра инамаданы еиҿкаахо аныҳәатә усмҩаԥагатә ахь.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар реизара ахада ихаҭыԥуаҩ Саид Ҳаразиа, жәларбжьаратәи ахеилакқәа реимадаразы адепартамент ахада Артур Гагулиа.