Арадио

Кәарҷелиаԥҳа: ашкол аҿы афымцатә цәаҳәақәа зегьы ԥсаххоит

Ашкол аҿы афымцатә цәаҳәақәа ԥсаххоит, урҭ аусурақәа иахьа инаркны нап дыркхоит, лҳәеит арадио Sputnik ҭелла иалҭаз аинтервиу аҿы Аҟәатәи 10 – тәи Ашьхарыуаа рышкол аиҳабы Аида Кәарҷелиаԥҳа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аида Кәарҷелиаԥҳа ашкол аҿы иҟаз амцакра иазкны

"Аклассқәа зегьы рҿы имҩаԥгахоит акласстә сааҭқәа, ахәыҷқәа ирзеиҭаҳәахоит амцакраан рхы мҩаԥыргар шахәҭоу, иаҭаххар, аспециалистцәагьы ааҳаԥхьоит", — лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.

Ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.