Аибашьра иазку ашәҟәы ҭырқәбызшәала иҭыжьуп

Аҭоурыхҭҵааҩ Валико Ԥачлиа ишәҟәы ҭыҵит Сҭампыл ақалақь аҟны ҭырқәбызшәала, аԥсуа диаспора иҟанаҵаз ацхыраареи адгылареи ирылҵшәаны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьара дуӡӡа аҭоурыхҭҵааҩ Валико Ԥачлиа ишәҟәы ҭыҵит Сҭампыл ақалақь аҟны ҭырқәбызшәала, аԥсуа диаспора иҟанаҵаз ацхыраареи адгылареи ирылҵшәаны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит автор.

Ашәҟәы урысбызшәала иҭыҵхьан 2015 шықәса рзы.

Бебиаԥҳа арепрессиа иалаӡыз ирызку ашәҟәы иазкны: аҭыжьразы аԥара аҭахуп

"Аиааира 70 шықәса ахыҵра аламҭалаз, ашәҟәы ҭыҵхьан урысбызшәала. Сгәысҽанӡамкәа ҭырқәбызшәалагьы иҭрыжьит", — иҳәеит Ԥачлиа.

Ашәҟәаҿы еизгоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалахәыз Аԥсны ахаҭарнакцәа ирызку ажәабжьқәа.

"Ашәҟәаҿы еиҭаҳәоуп 1941 шықәсазтәи амобилизациатә уснагӡатәқәа рымҩаԥысшьа, Аԥсны иахьаҵанакуаз имҩаԥысуаз аибашьрақәа: Клыхәра, Марыхә, Санчара ахырхарҭақәа рҿы", — иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ.

Ашәҟәаҿы инарҭбааны еиҭаҳәоуп аԥсуаа аибашьрахь рлагала ду атәы.

"Уи адагьы Аԥсны имҩаԥысуаз анемецтә ԥшыхәра аҿагылара атәы иалацәажәоуп. Анемец ар рнапхгара Аԥсныҟа иаарышьҭит имаҷымкәа ашпионцәа-аԥшыхәцәа. Ашәҟәаҿы ҷыдала урҭ ирҿагыланы имҩаԥгаз аусқәа ҭҵааны ирылацәажәоуп", — иҳәеит Ԥачлиа.

Ашәҟәы автор иажәақәа рыла аԥсуа диаспора аҳәара ирҭеит ашәҟәы аиҭагаразы. Иара дақәшаҳаҭхеит, избанзар агәрагара имоуп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора, аурыс бызшәа ззымдыруа рзы ашәҟәы аинтерес аҵаны иҟоуп ҳәа.