Бебиаԥҳа арепрессиа иалаӡыз ирызку ашәҟәы иазкны: аҭыжьразы аԥара аҭахуп

© SputnikЕкатерина Бебия
Екатерина Бебия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Рымш. Аԥснытәи Ассоциациа адыррақәа рыла ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ахара рыдҵан иҭархан быжьнызқьҩык рҟынӡа ауаа.

Акыр шықәса инеиԥанкыланы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирызкны ашәҟәы аиқәыршәара иаҿу ажурналист ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаԥҳа Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит харада ахара зыдҵаны идырӡыз рҭоурых аидкылара дшалагази, ашәҟәы аԥхьаҩцәа рнапаҿы ироуратә ианыҟало аамҭеи ртәы.

Sputnik

Инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

— Екатерина Гьаргь-иԥха шәара акыр шықәса инеиԥанкыланы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирызкны ашәҟәы аиқәыршәара шәаҿуп. Шәнапы шԥалышәки ари имариам аус?

— Ахәбатәи акурс аҟны аҵара сҵон, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет аҟны. Усҟан аԥсуа аҳәынҭқарратә ателерадиоеилахәыра аҟны апрактика сахысуан. Ҽнак иусуратә уадахь дсыԥхьеит Шамил Хәсин-иԥа Ԥлиа, иара усҟан ателехәапшра деиҳабын. Саныныҩнала иуадаҟны дтәан, быргк. Шамиль Хәсеин-иԥа иааркьаҿны исеиҳәеит ииҭахыз ари ахаҵа, иара Семион Амԥар иакәын.

1980-тәи ашықәсқәа рзоуп иара 1930-тәи ашықәсқәа рзы ахарада ахара здырҵаз рыӡбахә иаартны ҳалацәажәо ҳаналага, уаанӡа иаркыз теман. Семион Амԥар Калдахәара ақыҭантәи дааит. Уахыкала Амԥараа 12-ҩык гәараҭак еицатәыз аешьцәа дырӡуеит, иара Семион Амԥаргьы дналаҵаны.  

Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

Рыцҳарас иҟалаз дара зегьы ҭахеит, абри Семион заҵәык иԥсы ҭаны дхынҳәит. Шамиль Хәсеин-иԥа арҭқәа идыруан аҟнытә ус иҳәеит "абри дцынҵәарахуп, иҭоурых анҵа" ҳәа сеиҳәеит. Иаартыҵәҟьаны ус арадиои ателехәаԥшреи аҟны иаҳзымҳәаргьы ақьаад ианҵа, нас ҳахәаԥшып ҳәа иҳәеит. Абри амш инаркны сара зынӡа схы иҭамкәа сгәы иҭамкәа абри атематика снапы аласкит, ари атема аарԥшра сашьҭалеит. Абырг Семион Амԥаргьы саргьы ҳааицәажәеит. Еиҭеиҳәаз аҭоурых уамашәа сҟанаҵеит.

Схы–сгәы аҟынӡа инеит, избан акәзар арепрессиа ашықәсқәа ҭоурыхла, хыхьла акәын ишаадыруаз ала, ас иаартны аӡәы иҳәо, иара аџьамыӷәа зхызгаз имацара иҭоурых еиҭеиҳәо иаҳмаҳаӡацызт. Нас Калдахәара сицны сцеит, дара аешьцәа ахьҭыргаз ашҭақәа рахь, анаҩсан архивқәа рахь. Архивқәа рыҟны исыԥшааз Амԥараа зегьы рҭоурых инаваргыланы ус аԥсуаа аӡәырҩы рҭоурыхқәа ҭысҵааит.

Абасала 1980-тәи ашықәс инаркны иахьа уажәраанӡа абри атема саҿуп. Зегь реиҳа исықәманшәалахеит ҳәа исыԥхьаӡо уи ауп, усҟан рыԥсы ҭаны иҟан арепрессиа зхызгаз, забацәа дырӡыз, ус идырӡқәаз згәалашәоз ауаа ахьсықәшәаз, ргәалашәарақәа ахьанысҵоз. Иахьа дара шамахамзар аӡәгьы рыԥсы ҭаӡам.

Дара ргәалашәарақәа зегьы адиктофон ианҵаны исымоуп, ақьаад ахьгьы ииазгахьеит, ателехәаԥшратә версиагьы ҟасҵеит. Георги Ашьхаруаи Закан Агрбеи Бзыԥҭа инхоз аԥсуаа рыжәлантәқәеи ирхыргаз еиҭарҳәеит. Ирадион Лолуа ҳәа дыҟан, усҟан иара прокурорс дыҟан, игәалашәарақәа хәымш-фымш ианысҵон, уи аиаша рацәаны иидыруан. Леила Ачба лгәалашәарақәа даара хәы змам нҵамҭоуп, уи Ачаа ирхыргаз зегьы еиҭалҳәон. Ус ҳашнеиуаз арадио аҟны шьыжьла "Харада хара здыз" ҳәа арубрика аԥаҳҵеит. Кәтолынтә иахгаз рҭоурых сабгьы Гьаргь Бебиа иидыруаз рацәан, уи исзеиҭеиҳәеит. Жора Гәынба  Аҷандаратәи, уҳәа убас ирацәаны. 

— Зегь реиҳа шәгәы аҟынӡа инеиз ҭаацәарак рҭоурых иалшәкаауа арбан? Ҳәарада, аҭоурых зегьы трагедиоуп.

— Сара сзы зегьы реиҳа игәыҭшьаагахеит Лакәараа рҭоурых. Нестор Лакоба ихҭысыз, иҭаацәеи иара рнаҩс зынӡа аполитика иаламыз иашьцәа Лакәараа хдырҵәеит. Нестор Лакоба иан Шьахәсна лоума, Сариа лоума ирхыргаз атәы аиҭаҳәара уадаҩуп. Аамҭак иаҳацаныз ҳааигәа иҟазгьы ргәалашәарақәа иҳазгәамҭазгьы рацәоуп. Иаҳҳәап, Нелли Ҭарԥҳа илхылгаз агәаҟра.

Лашьеи лареи шыԥшқақәаз раб днархыганы дыргоит. Абри атема аҭҵаара снапы анасыркы Нелли Ҭарԥҳа зны дсызнеин, лара еиҭалҳәон дҵәыуон, саргьы сҵәыуон, убас ҳшеибарҵәыуоз аҭоурых дуӡӡа анысҵеит. Хымԥада, иџьоушьаратә хҭысқәоуп, дара иҭакқәаз, аха игьежьны ихынҳәыз рҭоурыхқәа дара рхаҭа ианеиҭарҳәоз.

Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны
Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит

Убас Ҭҟәарчалнтәи дысзааит хаҵа нагак Ҷыҷыкәа Аргәын ҳәа. Иара инеихигаз, заҟа шықәса дҭакыз шәҟәык ианӡаломызт. Иара ихаҭа аамҭаказы журналистс аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны. Самсон Ҷанба, Виктор Кәыкәба, Шьалуа Ҵәыџьба, Симон Басариа уҳәа усҟантәи аамҭазы аԥсуа интеллигенциа рҟынтә ирӡыз хаҭала издыруаз ауаа ргәалашәарақәа анҵаны исымоуп. Ауаҩы ихы-игәы аҿы инеиртә еиԥш иҟоу ҭоурыхқәоуп ҳәа исыԥхьаӡоит.

Аҭоурыхқәа сзеиҭазҳәоз аӡәырҩы ашәара рыцын, аамҭа рацәа шыҵхьазгьы. Ус исазҵаауан "ҳҭарымкӡои" ҳәа. Саргьы иара убри аамҭазы изныкымкәа КГБ аҟынтә иааны исарҳәахьан баҟәыҵ абри атема ҳәа. Ус знык ҩынтә сандыршәахьаз ыҟан, ус исгәалашәоит Гәынбак изкны адырраҭара аныҟасҵа ашьҭахь еиҳа амчрақәа сҿагылеит.

Адемократиа аамҭа ыҟоуп ҳәа шаҳҳәозгьы, зегьы акоуп арепрессиа иалаӡыз рыхьӡ аҳәара иаартны ируамызт. Доусы рҭоурых рымоуп, иуадаҩуп аиашазы иааиларганы зегьы рҭоурых анҵара. Усҟан иҟан аӷьычрақәа, ацәгьоурақәа уи иахдырҟьазгьы ыҟан. Ус еиԥш иҟаз асиақәа рыҟны иаасықәшәалак ажәлар издыруаз ирӡон, уи уахь дахыбымԥхьаӡалан, уи дзыхдырҟьаз аҽакуп ҳәа.

— Издыруеит шәара қыҭацыԥхьаӡа шаҟаҩы арепрессиа иалаӡыз рсиақәа еиқәыршәаны ишшәымоу. Изеиԥшроузеи астатистика?

— Сара ақыҭакәа рахь сцон, инеиԥынкыланы хәымш-фымш аинформациа еидыскалон. Сҭынхацәа ахьыҟаз ақыҭақәа рыҟны мчыбжьыла саангылон, автобус снақәтәаны срепартиор аанкыланы сцон. Исгәалашәоит, Жәандәрыԥшь ақыҭаҟны аматериал анеизызгоз аҵара сыцызҵоз Џьума Габуниа иҩны саангылон.

Иалскааз уи ауп, қыҭацыԥҳьаӡа сахьымнеиц ҳәа акгьы ыҟам, уи сара сымацара сакәым ари азҵаара ҭызҵаауаз, аха сара қыҭацыԥхьаҳа жәлала, шаҟаҩы ахара зыдҵаны идырӡыз рсиақәа еиқәсыршәеит. Иџьоушьашьа, зҽеиқәзырхах ақыҭақәа ируакуп Ҭхьына ақыҭа, ари ақыҭантәи аӡәызаҵәыкгьы далрымгаӡеит, дара уи ақыҭауаа азгәыдуны ирҳәон. Зегь реиҳа ааха ӷәӷәа зоуыз Бзыԥҭа ақыҭеи, Гагра араиони роуп, уаҟа иуҳәар ауеит иқәеибахит ҳәа.

Бзыԥҭа ақыҭантәи 98-ҩык ырӡын, урҭ рахьтә Конџьариааи аа-ҩык, Бениааи аа-ҩык, Ҳагәшьаа быжь-ҩык. Лӡаа ақыҭа иалҵыз 12-ҩык, Бармышь ақыҭа иалҵыз 84-ҩык, Мгәыӡырхәа ақыҭа 80-ҩык, Жәандәрыԥшь ақыҭа 40-ҩык дырӡит, Калдахәара ақыҭа аҟнытә 60-ҩык дырӡит, Аҭара акыҭантәи идырӡит 16-ҩык, Ԥақәашьаа 46- ҩык, Ҷлоу аҟынтә 27-ҩык, Кәтол идырӡит 22-ҩык. Абас ақыҭақәа зегьы рстатистика еизганы исымоуп. Абжьыуааи Бзыԥааи еиҿырԥшны уахәаԥшуазар, абжьыуаа еиҳа имаҷны иҭахеит.  

— Ауаатәыҩса ргәалашәарақәа рнаҩс архив аус адыжәулозма?

— Аԥснытәи архивқәа рыҟны акәын сара еиҳарак аус ахьызуаз. Аксерокс ахьыҟамыз иахҟьаны сыстудентцәа сыцырхрааны напҩырала ихызҩылаауан. Аԥснытәи архивқәа рыҟны 1937-тәи ашықәсқәа ирызкны иҟаз аинформациак аанысмыжьит.

Аинрал Иуана Туманов - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аҳра аинрал Туманов "дшаԥсыуахаз"

Напҩырала исымаз анҵамҭақәа, исырхиахьаз зегьы Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашықәсқәа рзы ҳаҩны иҩналаны ирыблит спапкақәа. Ирыблыз рацәаны ишыҟоугьы, еиқәсырхазгьы рацәоуп. Аматериал анеизызга ашьҭахь агазеҭқәа рахь акьыԥхь иасмырбоз уи аҟнытә, агазеҭқәа архивқәа рыла еиҭашьақәсыргылеит сархив, зегьы акәымзаргьы аиҳарак. Аибашьра анынҵәа ашьҭахь сус хада инаваргыланы абри аус сшаҿыц саҿуп, абжа урысшәала иҩуп, абжа аԥсышәала.

Акызаҵәык гханы исымоу уи ауп: дара ахарада хара зыдырҵаз рматериалқәа рыҟны иагәылаҵаны исыман рфотосахьақәа, ашьҭахь иақәымҩыкәа, ҳаӷацәа спапкақәа анырыблуаз зегьы еилархәеит, афотоқәа исымоу зтәу дарбақәан сыздырӡом, убри аусгьы еилыргатәны исымоуп. Сгәы иҭоуп ашәҟәы аҭыжьрахьы иансырхиалак еиҭах аинформациа аиҭашьақәыргылараз напы асыркуеит, гхак ҟамларцаз. 

— Ашәҟәы аԥхьаҩцәа рнапаҿы ироуратәы ианбаҟало?

— Аҩҩреи аизгареи проблемаӡам, ипроблемоу ашәҟәы аҭыжьразы аԥара азыԥшаара ауп. Есымша сышәҟәқәа ҭыҵразы аспонсорцәеи, схатә харџьи ақәсырӡуеит. Абас еиԥш иҟоу ашәҟәы ҭыҵразы аҳәынҭқарра иауысуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Даара исҭахуп шаҟа аҵакы ӷәӷәо еилкааны аҳәынҭқарра ацхыраа сырҭарц. Сара рацәак имгакәа исылшо зегьы ҟасҵоит, анаҩс аиҳабыра рлымҳа аҟынӡа инаганы ацхыраара арҭарц ашәҟәы аҭыҵра.

Ажәабжьқәа зегьы
0