Астол гьыжь аҟны аҿартә политика иалацәажәан

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәеи Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәеи аҿартә политика актуалтә проблемақәа ирылацәажәеит ажьырныҳәа 30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭеимураз Кәакәасқьыр аилацәажәараан аҿар рзы Аԥсны аилакқәа реинырра амеханизм атәы азгәаҭо иҳәеит ахыҵхырҭақәа зегьы акны иҟазароуп ҳәа.

Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилаки араионтә еилакқәеи реинырра маҷуп, дара дара аинырра рымам иҳәеит абри апроблема далацәажәо Ҭеимураз Кәакәасқьыр.

"Ҳара иаҳҭахуп аилакқәа рыбжьара аинырра амеханизм ашьақәыргылара. Раионцыԥхьаӡа ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит, аха ҳара уажәы иаку ахымҩаԥгашьа хада ашьақәыргылара ҳагәҭакуп. Ҽааназы иазыԥхьагәаҳҭараны ҳаҟоуп азеиԥш уснагӡатәқәа рбиуџьет. Аҳәынҭеилакы иамоу алшарақәа зегьы ахархәара рыҭатәуп. Ахыҵхырҭақәа зегьы акны иҟазароуп", — иҳәеит Кәакәасқьыр.

Иара иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа есымза имҩаԥыслараны ишыҟоу. Иалшоит аҭыԥқәа рахь инеины аизарақәа рымҩаԥгарагьы.

"Аӡәык-ҩыџьак ракәзаргьы амҩадуқәа ирцәаҳахьчар, уигьы угәы ҟазҵаша акоуп. Анаркотикқәа бааԥсуп ҳәа аҳәара акгьы аанагом. Уи зегьы ирдыруеит. Иҟаҵатәу анаркотикқәа рцынхәрас еиҳа аинтерес зҵоу аҿар рыдгалароуп. Убри азоуп ҳаргьы ҳзыҟоу. Ҳара аусеицура ҳазыхиоуп", — иҳәеит Кәакәасқьыр.

Араионтә еилакқәа рхаҭарнакцәа рыпроблемақәа ирылацәажәеит, урҭ рҽеишьас ирымоу ртәы рҳәеит.

Аҿартә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ҿыц далхуп

"Араионқәа рҟынтәи аҿар еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ирылархәлатәуп. Уи алыршара уадаҩуп араионтә еилакқәа аҳәынҭеилакы анапаҵаҟахь имнеир" ҳәа азгәеиҭеит Тҟәарчал ақалақь ауаажәларратә ҿартә еиҿкаара "Аԥеиԥш" Дамир Ӷорзолиа.

Ҭеимураз Кәакәасқьыр астол гьыжь аҟны далацәажәеит иаарласны иҟалараны иҟоу акино афестиваль.

"Сара режиссиорк иаҳасаб ала исҭахуп Аҟәа зметраж кьаҿу акино Жәларбжьаратәи афестиваль амҩаԥгара. Ирацәаҩны иара алахәылацәа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп: Австралиа, Китаи, Латынтәи Америка, Мраҭашәаратәи Европа рҟынтәи. Имҩаԥгахоит амастер-классқәа. Аҿар уи ауснагӡатә иалархәтәуп", — иҳәеит иара.

Сынтәа хәажәкырамза инаркны аҳәынҭеилакы аинтеллектуалтә хәмаррақәа адгылара рынаҭалоит, еиҿнакаараны иҟоуп ателехәмаррақәа "Бреин-ринг", "Схватка".