АҞӘА, жәабран 8– Sputnik. Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банки Ареспубликатә абиуџьетнҭыҵтәи ахатәтәратә фонди рҿаԥхьа ауал зқәу рсиа акьыԥхьит. Абри атәы аҳәоит Аԥсны Апрокуратура хада асаит аҟны.
Аӡбарҭатә органқәа рахь инашьҭуп 360-ҩык ауал зқәу руал архынҳәразы ашшыԥхьыӡқәа. Асиа ианшәалаз ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аҳәынҭқарра иаздырхынҳәраны иҟоуп 467 миллион мааҭи 3-миллион доллари.
Апрокуратура хада иазгәанаҭоит асиа иану ауал зқәу рганахь ала ауснагӡатәқәа рыдкылахоит ҳәа.
Асиа Аԥсны Ахада идҵала акьыԥхь арбоуп.