Аԥснытәи алхыҩцәа акандидатцәа ирԥылар рҭахуп

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы. Аԥсны атәылауаа, урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змоу ирымоуп алшара ареспублика иахьаҵанакуа иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа 16 рҟны рыбжьы рҭиирц.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. "Алхыҩцәа рыклуб" аҟны имҩаԥысуаз аиԥылараҟны Аԥсны Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа иҳәеит аҭыԥантәи алхыҩцәа ишырҭаху ахадаразы акандидатцәа рыҿцәажәара.

"Аԥсуа алхыҩцәа ирҭахуп акандидатцәа ирыҿцәажәарц. Ҳәарада акандидатцәа Урыстәыла зегьы иакәшаны, Аԥсынгьы иааны алхыҩцәа ирԥылоит ҳәа аҳәара уадаҩуп, аха имаҷҳар ҟалап аҳәаанырцә Аԥснеиԥш Урыстәыла Ахада дахьалырхуа аҽа ҭыԥк аԥшаара. Москва Аҩны иамоуп алшара Аԥсны ауааԥсыреи акандидатцәеи виртуалла реицәажәара амҩаԥгараз", — иҳәеит иара.

Урыстәыла алхрақәа раамҭа ааигәахоит

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аконсултә усҳәарҭа ахаҭарнак Алексеи Иванашко иазгәеиҭеит Ацентртә алхратә комиссиеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи абри азҵаара азхьаԥшра шазырухьо.

Иара убасгьы иҳәеит алхыҩцәа зыҿҳәара ииасхьоу атәылауаҩшәҟәқәа рганахь ала азҵаара рацәа шрымоу, аха абжьыҭира шалшо зыҿҳәара иахымԥац атәылауаҩшәҟәқәа рыла мацара шакәу.

"Азҵаара рацәа ыҟоуп зыҿҳәара иахысхьоу атәылауаҩшәҟәқәа рганахь ала. Ҳтәыла азакәанԥҵараҿы иарбоуп дарбанызаалак атәылауаҩ, атәыла анҭыҵ инхо, аус зуа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟә имазароуп ҳәа. Аҳәара ҟаҳҵоит атәылауаҩшәҟәы аԥсахразы ианаамҭоу адокументқәа нажәгаларц", — иҳәеит иара.

Атәылауаҩшәҟәы ҿыц аиура алшоит хымз рыҩныҵҟа иҳәеит ачынуаҩ.

Путин иалхратә штаб асаит аусура иалагеит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла акультуратә центр анапхгаҩы Наталиа Каиун илҳәеит Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа шазхо, ақыҭақәа рҿгьы абжьыҭиразы алшарақәа шыҟаҵатәу.

"Урыстәыла Ахада иалхраан ауааԥсыра активла бжьыҭира инеиуеит. Агәаранқәа ҟалар ҳәа сҳәоит", — лҳәеит Каиун.

Уи илҳәаз адгылара аиҭеит аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Вахтанг Ԥиԥиа, иагьазгәеиҭеит 16 алхырҭатә ҭыԥ азымхар шалшо.

Аҟәа иҟоу Урыстәыла атҵаарадырреи акультуреи рцентр абжьагаҩ Дмитри Кононов иҳәеит алхыҩцәа рсиақәа алхырҭатә ҭыԥ аҿы ишышьақәыргылахо.

"Алхҩы аҭыԥ аҿы итәылауаҩшәҟәы иманы днеины ибжьы иҭиир шиҭаху иҳәоит. Иара уа иҟазаарала асиа данырҵоит", — иҳәеит Кононов.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы. Аԥсны атәылауаа, урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змоу ирымоуп алшара ареспублика иахьаҵанакуа иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа 16 рҟны рыбжьы рҭиирц.