Аҟәа апаркқәа рҟны 300 ҵла еиҭарҳараны иҟоуп

Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит, 300 рҟынӡа ҵла Аҟәа апаркқәеи аскверқәеи рҟны еиҭарҳараны иҟоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит, 300 рҟынӡа ҵла Аҟәа апаркқәеи аскверқәеи рҟны еиҭарҳараны иҟоуп ҳәа.

"Ҳара ақалақь агәы асхема ҳарҭеит. Иазыԥхьагәаҭоуп хышә инарзынаԥшуа ҵла реиҭаҳара. Иҳагәҭакуп еиуеиԥшым аҵла хыкқәа реиҭаҳара. Сгәы иаанагоит ақалақь Ахадарагьы ацхыраара ҟанаҵап ҳәа", — иҳәеит иара.

Ақалақьтә еизара иазыԥхьагәанаҭоит аиҭаҳатәқәа риармарка аиҿкаара иҳәеит Ԥлиа.

"Иаҳҭахуп адәыӷбаангыларҭа Гума аҿы аиармарка еиҿаҳкаарц. Ари аус иадҳаԥхьалар ҳҭахуп аиҭаҳара аус знапы алаку аиҿкаарақәеи ауааԥсыреи", — иҳәеит иара.

Ԥлиа иазгәеиҭеит еиуеиԥшым аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ақалақь аҩныҵҟа икаҳаз аҵлақәа шырацәоу. Урҭ реиҭашьақәыргыларазы ақалақьтә еизара иаԥшьнагеит аиҭаҳатәқәа рыла апаркқәеи аскверқәеи рхарҭәаара, аиармарка амҩаԥгара. Аиармарка мҩаԥгахоит хара имгакәа.

"Аиҭаҳаразы аамҭа ҳацәцар ҳәа ҳшәоит", — иҳәеит иара.

Аизара ахантәаҩы агәыӷра имоуп рацәак хара имгакәа ҳақалақь аиаҵәара иацлап ҳәа.