Арадио

Сенер Гогәуа: хышықәса рыҩныҵҟа 41 млн мааҭ аԥара ахархәара азуыуп

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" хышақәса рыҩныҵҟа имҩаԥнагаз аусура аихшьаала ҟаҵан, жәабран 12 имҩаԥгаз пресс-конференциаҿы, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аиҳабы Сенер Гогәуа.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Сенер Гогәуа "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аусура иазкны

"Афонд абиуџьеҭ шьақәгылоуп Аԥсны аус зуа анаплакыҩцәа иҟарҵо ацхыраарала.  Ҳара иҳәынҭқарратәым еиҿкаароуп, аҳәынҭқарра аҟынтә аԥара ҳауам. Ацхыраара ҳазҭо анаплакқәа ртәы аинформациа убар улшоит афонд асаит аҿы. Ҳусура анхацҳаркуаз проектк заҵәык ҳамазҭгьы, иахьа аус руеит ааба", — иҳәеит Сенер Гогәуа.
Шәазыӡыҩрла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.