Шәача агәам-сам аус адуларатә зауад дыргылоит

Алеқсандр Хлопонин напхгара зиҭо ааглыхраа црыҵқәа рхархәареи аус рыдулареи рызҵаарақәа рзы Урыстәыла аиҳабыра ркомиссиа аилатәара мҩаԥысит ашәахьа, жәабран 13 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 14 — Sputnik. Алеқсандр Хлопонин напхгара зиҭо ааглыхраа црыҵқәа рхархәареи аус рыдулареи рызҵаарақәа рзы Урыстәыла аиҳабыра ркомиссиа аилатәара мҩаԥысит ашәахьа, жәабран 13 рзы.

2018 шықәса рзы Шәача иргылахоит аҟьамсар аусадуларатә зауад ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Гәдоуҭатәи агәам-сам ақәхра: иазоужьуп 10 миллион мааҭ аԥара

"Аӡбра рыдыркылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара аздырхиарц азауад аргыларазы аԥыжәаратә проект адгылара аиуразы. Урыстәыла Ахада инапынҵа инақәыршәаны Ақәҵара мшаԥымза 1 иахымгакәа иазырхиахароуп", — ҳәа арбоуп асаит аҟны.

Акурорт қалақь Ахадара анапы ианҵоуп аԥсабарахьчаратә закәанԥҵара иақәшәо азауад ахьдыргылаша адгьыл ҭыԥ алхрази аргылара апроект ауаажәларратә дацәажәара аиҿкаарази. Аинвестициатә план ала апроект ишьақәнартәоит 23 миллиард мааҭ аԥара.