Гәдоуҭатәи агәам-сам ақәхра: иазоужьуп 10 миллион мааҭ аԥара

© Sputnik / Томас ТхайцукСвалка.
Свалка. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа ақалақь аҟынтәи Аҟәаҟа, бжьымз рыҩныҵҟа иаарго агәам-сам ақәхразы аусурақәа рымҩаԥгара инадҳәаланы ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь абиуџьет аԥсахрақәа аларгалеит.

АҞӘА, жьҭаара 16– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара Гәдоуҭатәи агәам-сам ақәгаразы 10 миллион мааҭ азоунажьит, асеиԥш аӡбра адепутатцәа ирыдыркылеит ақалақьтә еизара изаамҭанытәиу аилатәараан.

Аизарахь днаԥхьан Аҟәа ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа. Адепутатцәа ирҭахын еилыркаарц ақалақь абиуџьет аҟынтәи аԥара ахшәаауа агәам-сам ақәхра ԥхьаҟагьы имҩаԥгахома, мамзар ари аус хыркәшахома ҳәа.

"Агәра сызшәыргом мызкы-ҩымз рыҩныҵҟа агәам-сам аагара иаҟәыҵуоу иаҟәымҵуоу ныҭкааны ишәасҳәоит ҳәа. Арахь иаашәымгалан ҳәа ҳазҳәом. Апроблема ыҟоуп. Иара аӡбра аҭахуп. Бжьымз раԥхьа атәыла аиҳабыра ирыӡбеит Гәдоуҭантәи Аҟәаҟа агәам-сам ааргаларц. Гәдоуҭатәи агәам-сам еизакырҭа амшын иазааигәахеит. Уаҟа уаҳа аус ауртә иҟам. Агәам-сам амшын иалалар, Гәдоуҭа амацара адагьы Аԥсны зегьы азы ашәарҭара аиуеит", — иҳәеит Ҳаразиа.

"Спецавтохозяйство" аиҳабы Саид Кур-иԥа иажәақәа рыла, агәам-сам азы аҽа аа-жра дук ҭыжаатәны иҟоуп.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа рыӡбрала "Спецавтохозяйство" иазоужьхоит ақалақь абиуџьет аҟнытәи аусурақәа рзы 10 миллион мааҭ аԥара. Аизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа ишиҳәаз ала уи зыда ԥсыхәа ыҟам усханы иҟалеит.

"Иахәҭоу аусурақәа ианаамҭоу имҩаԥаҳамгар, ԥхьаҟа иҵегьы ауадаҩрақәа ҳԥылар алшоит", — иҳәеит иара.

Адепутатцәа ирҳәеит атәыла анапхгара иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдыркылар гәдоуҭантәи агәам-самгьы аҟәатәи аизакырҭахь аагара иаҟәыҵып ҳәа ишгәыӷуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0