Гәылиа: акадыртә резерв азырхиара ҳәынҭқарратә усуп

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи акадыртә резерв зҽалазырхәырц зыӡбаз аҟазауаа ҿарацәеи реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа, жәабран 14 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит раԥхьатәи аилатәара акадыртә резерв азҵаарала, ҳәа адырра ҟаиҵеит Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәылиа.

"Ҳара адырра ҟаҳҵеит Аекономика аминистрраҿы акадыртә резерв аиҿкаара ҳшаҿу азы. Раԥхьатәи аилацәажәарахь иааит жәохәҩык инареиҳаны. Дара рдыррақәа аадырԥшит, аусура иалагарц ахьырҭаху рҳәеит. Ҳара имазеины иҳамазароуп ауаа рсиа, доусы инапы злаку ҳдыруазароуп, анаҩс аусурҭатә ҭыԥ идаагаларц", — иҳәеит Заур Гәылиа.

Аԥсни Урыстәылеи рекономистцәа Москва еиԥылеит

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит арезерв алахәылацәа рылшарақәа ахәшьара анрыҭахалак ашьҭахь аҟазауаа ҿарацәа рсиа шеиҿкаахо.

"Ҳара иаҳҭахуп аҭахрақәа ахьыҟоу ахырхарҭақәа зегьы рҟны арезерв азырхианы иҳамазарц, здырреи зԥышәеи ыҟоу, аусураҟны ихәарҭахаша рсиа ҳамазар, ҳаиҿнакаауеит", — иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Иара игәаанагарала акадыртә резерв азырхиара ҳәынҭқарратә усуп.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Акадыртә резерв аҟазауаа Аекономика аминистрра аусацурахь радыԥхьалара ҟалоит, еиуеиԥшым асессиақәа ирылархәхоит, аделегациақәа ирылакхоит.

Аԥсны Аекономика аминистрра 2018 шықәсазы иазыԥхьагәанаҭоит "Ауаҩытәыҩсатә капитал ахь аинвестициақәа" апрограмма ацҵара.