Аԥснытәи аделегациа алахәын Шәача имҩаԥысуаз аинвестициатә форум

Аԥснытәи аделегациа алахәын Шәача имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аинвестициатә форум. Афорум мҩаԥысуан жәабран 15-16 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи аинвестициатә форум анаплакытә еилазаара, аекспертцәа, амчра анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи хырхарҭақәа рхаҭарнакцәа реинырразы иаарту порталуп иҳәеит Шәача имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аинвестициатә форум иалахәыз, Аԥсны Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор Инар Гыцба.

Аҳәынҭқарратә инвестициатә Маҵзура аофициалтә саит аусура хацнаркит

"Ҳара ҳзы ари аҭыԥ акыр аинтерес зҵоу, еиуеиԥшым аиныррақәа ахьымҩаԥааго ҭыԥуп", — иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор Инар Гыцба иазгәеиҭеит афорум аҟны ишыҟаз алшара еиуеиԥшым аилацәажәарақәа, аимак-аиҿакқәа ахрылархәразы, аибадырразы, атәыла аекономикахь акапиталқәа рааԥхьаразы иахьа лшарақәаны иҟоу рышьақәыргыларазы, рыҭҵааразы.

Аԥснытәи аделегациа алахәын Шәача имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аинвестициатә форум. Афорум мҩаԥысуан жәабран 15-16 рзы. Аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, уи ихаҭыԥуаҩ заур Гәылиа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор Инар Гыцба, уи ихаҭыԥуаҩ Симон Агрба.