Аҳәынҭқарратә инвестициатә Маҵзура аофициалтә саит аусура хацнаркит

© SputnikСайт государственного инвестиционного агентства
Сайт государственного инвестиционного агентства - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны аекономика Аминистрра аҿы иҟоу аҳәынҭқарратә инвестициатә Маҵзура анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа аофициалтә саит шаатыз атәы.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҧсны аекономика Аминистрраҿы иҟоу аҳәынҭқарратә инвестициатә Маҵзура анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа аофициалтә саит шаатыз атәы.

Симон Агрба иажәақәа рыла асаит аартра Аԥсныҟа аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа радыԥхьалара иацхраауеит. Асаит аҟны иарбахоит Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа ныҭкааны.

Иарбоу асаит ахархәаҩцәа Аԥсны аҩныҵҟа еиԥш анҭыҵгьы Аҧсны аекономика аҭагылазаашьеи аус зуа аҳәынҭқарратә программақәеи рзы адыррақәа роур алшоит.

"Аресурс аҿы еиуеиҧшым азҵаарақәа рҭак аиуразы аспециалист имадара азы алшара аҧҵоуп. "Асаит аҿы "сара усзас", "аспециалист азҵаара иҭара" ҳәа изышьҭоу афункциақәа азҧхьагәаҭоуп, даҽакала иуҳәозар, азанааҭдырыҩцәа ишиашоу азҵаара рыҭара ҟалоит. Асаит аусура шьақәгылоуп аурыс, англыз бызшәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа уи аҭырқәа бызшәа ацлара азҧхьагәаҭоуп", – ҳәа иҳәеит Симон Агрба.

Симон Агрба иазгәеиҭеит аофициалтә саит аҩныҵҟатә инвестор изгьы хра аманы ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0