Аб Никита: ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьара

Жәабран 19 инаркны иалагоит ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара ду. Иара 49 мшы иныҟәыргоит. Ачгара хыркәшахоит мшаԥы 8 рзы.
Sputnik

Sputnik
Ачгара Ду ахьӡ захьыӡхаз иара егьырҭ аныҳәа чгарақәа зегь раасҭа иахьдуу ауп. Уи адагьы иара зызкыҵәҟьоу аныҳәа лаша – Мшаԥныҳәа ауп, иҳәеит аԥшьаҩы, аериеи Аб Никита.
Аб Никита иажәақәа рыла, ақьырсиан динхаҵараҿы шықәсык ахь ԥшьынтә иҵалоит ачгара.

Агастроентеролог: ачгара агәабзиара иазеиӷьуп

"Ачгара ду иахьа инаркны иҵалоит. Ҵакыс иамоу иара: ҳара ҳхы шымҩаԥааго, аӡәыр игәы цәибаҟьар, игәы ныибырханы иҟазар, иранарыжьыр ауп. Убри ыҟамкәа аҿбаара сыҵалоит, сычгоит, ахш-акәац лых сфаӡом ҳәа уи амацара азхом.  Угәы ацәгьара ҭаны ачгара ианаалаӡом, 49 мшы иҵоуп. Ицәгьоуп, иџьбароуп ҳәа уҳәар алшоит ари ачгара", —  ихәеит Аб Никита.

Раԥхьатәи амчыбжь ауахәама аусзуҩцәа ҩымш зынӡа акрырфаӡом, иҳәеит иара.

"Аԥсыӡ уажәтәи аҿбаараҿы знык ауп иануфо, избанзар сынтәа аҵыхәтәантәи амчыбжь иақәшәоит "Аԥшьа Мариа агәырӷьажәа лаҳәара" аҽны, уи аҟнытә аԥсыз афара ҟалом. Ачгара агәабзиара иазеиӷьуп, ауаҩы ҩныҵҟалагьы, гәаҭалагьы иҿыирыцқьоит. Ахынкылара аҭахуп. Ахаҵеи аԥҳәыси реиқәшәара ҟалаӡом, аԥхәыс аагареи, хаҵа цареи ҟалом. Ачгара дуқәа рнаҩсангьы ақьырсианраҿы ахашеи, ахәашеи чгара мшқәоуп. Ахашаҽны Анцәа дырҭиит, ахәашаҽны аџьар данырҵеит, арҭ амшқәа лахьеиқәҵаратә мшқәоуп", — ҳәа нацыиҵеит иара.

"Хра злоу ахҭысқәа": Аб Никита ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьара

Аб Никита иазгәаиҭеит, дарбанзаалак ачгара сыҵоуп ҳәа ауаа раԥхьа адырбара, аҳәара шиашам.

"Ачгара даныҵоу ауаҩы еиуеиԥшым агәырӷьаратә аишәақәа рахь анеиразы иҽникылоит", — иҳәеит иара.

Аҵарауаҩ: Чачхадыл ҩбаны аҽашоит

Ачгара ду ианыҵоу аԥсцәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп аҩбатәи, ахԥатәи, аԥшьбатәи асабша.

Аб Никита Мшаԥы аҽны анышәынҭрақәа рахь анеира ииашаӡам ҳәа иазыиԥхьаӡоит.

"Избан акәза,р жәҩангәашәԥхьароуп, гәырӷьароуп. Аишәа андыргыло амшаԥ иацааиуа амчыбжь аҩаша аҽны ауп.  Адунеи зегьы аҟны ақьырсианцәа "Раданица" ҳәа иашьҭоуп ари агәаларшәаратә амш", — ациҵеит иара.

Иара иажәақәа рыла, ачгара актәи амчыбжь азы ауҭраҭыхи, ашәыри, ачеи аӡи роуп иуфар иҟало, ахәша злоу акгьы ухы иаурхәар ҟалаӡом. Ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьарагьы, агәнаҳа ҟауҵар ҟалом.