Аҵарауаҩ: Чачхадыл ҩбаны аҽашоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЧачхадыл аԥсуаа ишазгәарҭо
Чачхадыл аԥсуаа ишазгәарҭо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аҵарауаҩ Арда Ашәба арадио Sputnik астудиаҿы далацәажәеит Аԥсны амшаԥ ныҳәа х-мыш шагу, аԥшьашаҽны, аԥсуаа ақьырсиан динхаҵара ныҟәызго аҭаацәарақәа ишазгәарҭо Чачхадыл.

АҞӘА, мшаԥы 5 — Sputnik. Аҿацәа ртәи, ажәцәа ртәи ҳәа чачхадыл ҩбаны аҽашоит. Абри атәы иҳәеит Апсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аҵарауаҩ Арда Ашәба.

Иара иажәақәа рыла, егьырҭ аныҳәақәа реиԥш Чачхадылгьы аԥсуаа ирымоуп, ақьырсианра шьақәгылаанӡа Аԥсны иҟарҵоз ауп. Шьоукы ирҳәоит ачгара иҵазааит, иҵамзааит аныҳәагатә ҟауҵар ҟалоит ашьа кауҭәар иаԥырхагаӡам ҳәа.

Пасхальное богослужение в Сухумском кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны
Аԥсцәеи абзацәеи рхәы рымазароуп: Чачхадыл аишәа иаҵоу акәамаҵама

"Чачхадыл аҿацәа ртәы заку, лыԥсаа дызмоу ашықәс нҵәаанӡа Чачхадыл аныҳәа ааизар усҟан ажәцәа ртәы аԥхьа иҟоу аԥшьашазы аишәа дыргылоит. Аишәа иқәырҵо чгахьоуп: ахәылчаԥа акаҷбеи аҭаны, аҟәыдчаԥа, аҳалуа цхала иҷыҷны, ацхаӡҩа уҳәа", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Арда Ашәба иазгәеиҭеит уи аҵкьыс ишыхадоу чачхадыл ажәцәа иртәу.

"Убасҟан ажәла дәылгара, ажәла каԥсара иамшуп. Чачхадыл аан ажәла каԥсара рҽазыҟарҵон. Иаҳҳәап аҟаб, аҟәыд, аџьықәреи ларҵозма цәаҳәак иадамхаргьы ицәаӷәаны аџьықәреи ажәла дәылаҳгеит ҳәа иныҳәаны-иныԥхьаны икарԥсон", — иҳәеит Ашәба.  

Аԥсуаа рҿгьы иҟоуп аурысцәа "чистый четверг" ҳәа изышьҭоу, ашықәс зегьы уцқьаӡа уҟазарц азы ҳәа аҽыӡәӡәара. Аха, аҵарауаҩ излеиҳәаз ала, уи еиҳа аарыхра, абарақьаҭра, аманшәалара иоурц азы Чачхадыл зыжәла дәылзымгаз, нас иҽаҩра зеиԥшрахозеишь ҳәа ихәыцны амш алкааны иазгәарҭоит.

"Чачхадыл амш аҽаԥсахӡом амшаԥы иацуп азы. Раԥхьаӡа ажәла дәылганы, Анцәа улԥха ҳаҭ! ҳәа мышьҭабзиала икарыԥсоит. Аԥҳәыс аӡы аалгоит, лҭаацәа лныҳәоит, нас ажәла дәылган икалыԥсоит. Ахәылбыҽха аишәа дыргылоит аԥсцәа рзы, чгахьала", — иҳәеит аҵарауаҩ. 

Арда Ашәба иажәақәа рыла, аҭаацәа рҿы алԥсаа дыҟазар инамыцхәны иҟарҵоит чачхадыл, ахьыԥшы дыҟазар ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0