Цәыббра 30 рзы имҩаԥысраны иҟоу апарад иалахәхоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аруаа

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи атәылахьчараз рминистррақәа рыбжьара иҟоуп аилацәажәаратә еиқәшаҳаҭра, цәыббра 30 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу арратә парад аҟны Аахыҵ Уаԥстәыла аруаа алахәхарцы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 22 — Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи атәылахьчараз рминистррақәа рыбжьара иҟоуп аилацәажәаратә еиқәшаҳаҭра, цәыббра 30 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу арратә парад аҟны Аахыҵ Уаԥстәыла аруаа алахәхарцы. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра аиубилеи Аԥснытәи аделегациа алахәхоит

Аиқәышаҳаҭра иазкылсит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ианыҟаз, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов иԥылараан. Аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла иаҭаан иҟан Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имши Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра 25-шықәса ахыҵра амши разгәаҭараан.

"Ҳара иаҳҭахуп абри амшԥшьазы Аахыҵ Уаԥстәылатәи ҳашьцәа рбираҟ иаҵагыланы апарад аҿы иҳацықәсырц. Зегьы ирбарҭахааит ҳаиашьаратә еизыҟазаашьа. Ҳара разҟык Анцәа еицҳаҭәеишьеит", — иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба.

Аахыҵ Уаԥстәыла Ахаҭа иазгәеиҭеит ареспубликақәа рыҩба рҟны ибзианы ишыргәалашәо ХХ-тәи ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа, анеофашизм аҳра ахьауа Қырҭтәыла иара иатәымыз адгьылқәа ампыҵанахаларц анагәҭанакыз.

"Усҟан, ирацәаҩуп Аахыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа цхыраара ҳәа ицаз", — иҳәеит иара.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы аганқәа агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.