Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра аиубилеи Аԥснытәи аделегациа алахәхоит

© Sputnik / Наталья АйриянВоеннослужащие Южной Осетии. Архивное фото
Военнослужащие Южной Осетии. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра 25-шықәса ахыҵра аныҳәа Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа алахәхоит.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа алахәхоит Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра 25-шықәса ахыҵра ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ареспублика Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Роланд Џьоџьуа.

"Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз ааԥхьарала, аныҳәатә уснагӡатәқәа ирыхәхоит Аԥснытәи аделегациа", — иҳәеит ареспублика Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Роланд Џьоџьуа.

Аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 20-23 рзы.

Жәабран 20 рзы имҩаԥгахоит Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аполигон аҟны аҽазыҟаҵарақәа, ареспублика ахьчаҩцәа рбаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара.

Жәабран 21 рзы аконцерттә зал "Чермен" аҟны имҩаԥгахоит афицерцәа реизара ду. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит ареспублика аррамаҵзурауаа аусбарҭатәи аҳәынҭқарратәи ҳамҭақәа ранашьареи аныҳәатә концерти.

Жәабран 23 рзы Цхинвал ақалақь ашҭа ду аҟны Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.

Аныҳәатә уснагӡатәқәа рхы рыладырхәуеит Урыстәылатәи Афедерациа, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Донецктәи жәлар рреспублика атәылахьчараз рминистррақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0