Шәача иазгәарҭоит ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат алагара

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуеит рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәымза 15 рҟынӡа Урыстәыла ақалақьқәа 11 рҟны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 28 — Sputnik. Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуеит рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәымза 15 рҟынӡа Урыстәыла ақалақьқәа 11 рҟны. Уи алагаранӡа 100-мш аанхеит. Абри арыцхә азгәарҭоит хәажәкыра 6 рзы Шәача ақаалқь аҟны ҳәа аанацҳауеит ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Ашьапылампыл азы ачемпионат иақәхарџьуп 480 миллиард мааҭ

Акурорт қалақь асасцәеи ауааԥсыреи ирзеиҿкаахоит апрограмма ҭбаа, акәашаратә флеш-моб ҳәаа ҳәоит адырраҭараҟны. Дарбанызаалк изҭаху иоуеит алшара еиуеиԥшым ашьапылампыл иазку авикторинақәа иҽрылархәра.

Ауснагӡатә аартхоит ахореографиатә композициа "Ашьапылампыл аҭоурых" ала, аекран дуқәа рҿы идырбахоит иналукааша ахәмарратә хҭысқәа, иқәгылараны иҟоуп афристаилерцәа, акробатцәа у.у.е.

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуеит рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәымза 15 рҟынӡа Урыстәыла ақалақьқәа 11: Москва, Санкт-Петербург, Казан, Шәача, Самара, Нижни Новгород, Ростов-на-Дону, Волгоград, Екатеринбург, Калининград, Саранск рҟны.