Жәлар рашәақәа: "Аԥхьарца" аконцерт аԥсуа филармониа асценаҟны

Афестиваль иалахәын адыга жәлар ринструментқәа рыҟаҵаҩ, аҟаза Замудин Гучеви Ҟабарда-Балкариатәи аԥсуа-адыга музыкеи акәашареи ртеатр "Bzabza" анапхгаҩы Зубер Еуази.
Sputnik

Жәлар ринструментқәа роркестр VIII Рреспубликатә фестиваль "Аԥхьарца" мҩаԥысит хәажәкыра 1 азы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филамониаҟны. Раԥхьаӡа акәны "Аԥхьарца" мҩаԥысит аконкурс аформат аманы. Иара иалахәын Аԥсны араионқәа рҟынтәи жәлар ринструментқәа рансамбльқәа, Адыгатәылеи Ҟабарда-Балкариеи рҟынтәи асасцәа. Афестиваль алахәылацәа ҭабуп ҳәа раҳәо аихшьаалақәа ҟаиҵеит жәлар рырҿиара Ареспубликатә центр адиректор, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Нури Кәарҷиа.