Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшь изку ашәҟәы аҩра аҭакԥхықәра ду ацуп

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иирамш азгәарҭоит хәажәкыра 4 аҽны. Иԥсы ҭаны дыҟазар иара ихыҵуан 69 шықәса.
Sputnik

Sputnik

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы, 62 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьаҿы, Џьгьарда. Ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаԥҳа Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаареи, ирҿиаратә мҩеи зныԥшуа ашәҟәы аҭыжьра азырхиара даҿуп. Лара лажәақәа рыла, ари ашәҟәы "Сергеи Багаԥшь изку ажәабжь" ҳәа уҳәар алшоит.

"Сергеи Баӷаԥшь иԥсҭазаара ибзианы сагәылаԥшит сынқәыԥшӡаз инаркны. Очамчыратәи амаӡаныҟәгаҩс аус аныиуаз инаркны. Уамашәа иусушьа бзиан, араион анхацәа даара дыргәаԥхон. Урҭ ашықәсқәа инаркны аочеркқәа, аиҿцәажәарақәа ианысҵоз, аидкылара саҿын", — ҳәа лҳәоит ажурналист.  

Ашәҟәы иагәылоу аматериал акыр шықәса ҵуеит еидыскылоижьҭеи, лхәеит лара.

"Ус зыԥсҭазаарақәа еидыскыло рацәоуп, иаҳҳәап: Константин Озган, Тарас Шамба, Алеко Гәарамиа ухәа ирацәаҩны. Рыԥсҭазаареи сыԥсҭазаареи еицны ирацәаҩуп ус зтәы зыҩуа, еидыскыло. Багаԥшь изкыз стелеочеркқәа, адырраҭарақәа, сыстатиақәа шәҟәхоит ҳәагьы сгәы иабомыз", — ҳәа лҳәеит Бебиаԥҳа.

Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшьи сареи ҳамаӡақәа еилан, ҳагәра еибагон

Ажурналист еидылкылаз аматериалқәа инарываргыланы, Сергеи Багаԥшь иҭаацәара архивтә асахьақәеи, еиуеиԥшым аҳаҭыртә шәҟәқәеи, абӷьыцқәеи лырҭеит. Уи ала ашәҟәы харҭәаауп, лҳәоит лара.

"Ашәҟәы ахы инаркны аҵыхәанӡа Сергеи Багаԥшь изкуп. Иалагалоуп афотосахьақәа рацәаны. Ихатәроу ауаа ргәалашәарақәа инаркны, амитингқәа рыҟны ауаа ирҳәоз, изаарышьҭоз ателеграммақәа, агәалашәаратә шәҟәқәа ианырҵаз аҟынӡа, агәыцә зегьы алхны иалагалоуп",  - ҳәа азгәалҭеит ашәҟәы автор.

Аԥхьаҩ инапаҿы иоуртә еиԥш ашәҟәы аҭыҵра аамҭа харазар ҟалап. Иахьазы еидкыланы, аредакторцәа Дмитри Нездоровини Татиана Алексеевеи рнапы хганы, атипографиаҟны ишьҭоуп. Ашәҟәы аҭыжьразы ахарџь ихахьы игеит амеценат Муса Екзеков.

"Ашәҟәы аҭыжьразы иҷкәын Зураб Багаԥшь иҳәон "ахарџь схахьы изгоит, аӡәгьы сиҳәаӡом" ҳәа. Сара аҳәынҭқарратә уаҩуп, аҳәынҭқарра иҭнажьроуп ҳәа агәаанагара сыман. Аха, абра дааны дыҟан Муса Екзеков, ихаҭа иҳәеит Сергеи Уасил-иԥа Багапшь изку ашәҟәы аҭыжьра ахарџь иара ихахьы ишиго", — ҳәа лҳәеит лара.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәжәкыра 4 рзы Аҟәа ақалақь азы. Далгеит Асубтропикатә нхамҩа аинститут "агрономиа" азанааҭ ала. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аминистрцәа Реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Багаԥшь Аминистрцәа Реилазаара напхгара азиуан. 2005 шықәсазы Аԥсны ахадас далырхит, 2009 шықәсазы – аҩынтә раан Аԥсны ахадас далхын.

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы, 62 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьаҿы, Џьгьарда.